Амш еиқәаҵәа

© Фото : личный архив Военные карикатуры Гарри Дочия
Военные карикатуры Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҭатәи арыцҳара лҭаацәара ишырнырыз атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Шықәсыки ҩымзи инарзынаԥшуа ицоз Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых аҿы иҟоуп иалкааны итрагедиатәу ахҭысқәа ҳәа ҳазлацәажәаша, иманшәаламхаз ажәыларақәа, хыԥхьаӡара рацәала ҳаибашьцәа анҭахоз амшқәа.

Еибашьран, убри аҟынтә, уи аԥсыҭбарақәа есымша иацын, аха ҳаибашьраҿы иҟоуп мшы еиқәаҵәаны иалаҳкаауа Лаҭатәи атрагедиа ҳәа ҳзышьҭоу декабр 14 1992 шықәсазы ҳауаажәлар зҭаз, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа зхы хаз авертолиот аҭахара. Иҟамзар ҟалап даҽа мшык, абас еиԥш Аԥсны аҵәаабжь анықәыҩуаз.

Аибашьра ианалагоз сара Соуиԥсара захьӡыз Арасаӡыхь аханы иҟаз ашьхақәа руак аҿы сыҟан, ашьҭахь ҭоуиҭадала аҩныҟа Кәтолҟа сылбааит. Усҟантәи ахҭысқәа рсахьа ҭухуазар, ҳара ҳганахь ҩадахьтәи афронт аҿы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩын, абџьар ԥшааны аӷа иҿагылатәын, аҽеҩра ҭагалатәын, ихьчатәын ахәыҷқәеи абыргцәеи.

Декабр 14-тәи атрагедиа ҟалаанӡа, аибашьра ҩымз анахыла ашьҭахь, Кәачара ақырҭуа гвардееццәа рнапаҿы иааргеит. Кәачара анырга Тҟәарчали Џьгьардеи еимаздоз амҩаду аӡәгьы дзанымсуа иҟалеит, уи амҩала акәын Очамчыра араион иалгоу амҩаду иаԥныз ақыҭақәа рҟынтәи ахҵәацәа зланыҟәоз Тҟәарчал аганахь. Иахьагьы сыбла ихгылоуп ахәыҷқәеи аҳәсеи абыргцәеи зцыз ачаландарқәа, аҭагылазаашьа аныуадаҩхалак Кәтол иалсны рыуа, рҭынхацәа рахь ихҵәаны ишцоз.

Художник, карикатурист Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Гарри Дочиа Лаҭатәи арыцҳара шинырыз

Сара усҟан Кәтол сыҟан, убри аҟынтә, урҭ асахьақәа еилыкка исгәалашәоит. Ҳара ҳахьынхоз аӡнырцә ишьҭаз ақыҭа Кәачара ақырҭқәа ианыргаз ҳаибашьцәа иазгәарҭон, уа инхоз зыбжьы мыргаӡакәа иҟаз агыркәа "чарҳәара руит, қәылара инеиуаз рзы аҭабиақәа жны, ажәыларазы ирзыманшәалахаратә аҭагылазаашьа аԥырҵеит" ҳәа. Кәачара анырга, акыр иуадаҩхеит аҳәсеи ахәыҷқәеи рҭагылазаашьа. Кәтоли Џьгьардеи рҳәаа аҟынтәи Тәарчалҟа ицоз амҩа адыркит, ҳара ҳпартизанцәагьы ажәылара аҽазырхиара ишаҿыз иныҵыҩ-ааҵыҩны иҳаҳауан.

Аиашазы, зыбла иамбац агәрагара ицәыуадаҩуп, ауааԥсыра усҟантәи рҭагылазаашьа шыуадаҩхаз. Ҳара ҳаҩнаҭа ахәыҷқәа рацәаҩын, рықәра маҷын зегьы, ҳгәылацәагьы аӡҟқәа змаз ыҟан. Ианшәарҭахалак ауаа ирыларҳәон аҽыԥхьакра шаҭахыз.

Сашьа Валериан Нана ҳәа хьыӡҷыданы измаз деибашьуан, иара усҟан диман фымз зхыҵуаз Елана захьӡыз аӡӷаб, иара убас, ҳаҩны иҟан даҽа ԥшьҩык сашьцәа рыхшара. Агарақәа шьҭыхны абнахь ҽыҵәахра идәықәлон ахәыҷқәа змаз зегьы, еиҳарак Џьгьарда аганахь ицон. Кәачара аӷацәа ианырга, акыр ахынҭаҩынҭара ҟалеит, убри аҟынтә, Чагьамтәи аҳаракырақәа рганахь ала амҩақәа ԥшааны ауаа Тҟәарчалҟа аԥсеиқәырхаразы амҩа ианын. Сара сҭаца Аида Аԥшьлааԥҳагьы лхәыҷы Елана длыцҵаны Арасаӡыхьҟа аԥхьакырҭа ахьыҟаз ҳәа иахьиԥхьаӡоз Амҷаа рахь иганы инижьхьан Нана, иара Кәачара ахақәиҭтәразы аҷкәынцәа ргәыԥ далан.

Абҵара 30 рзы Кәачара ахы ианақәиҭыртә Нана иҭаацәа аҩныҟа иааигеит, убасҟан аҵыхәтәаны ҳаибабеит дареи сареи. Абас аилаҩеиласра аныҟаз Кәачара аӷа дахаԥаны даныҟаз аамҭазы, егьи сҭаца Ада Багаԥшьԥҳа Џьгьардатәи агоспиталь аҿы абҵара 26 рзы ахшара длоуит. Хыԥхьаӡара рацәала ахәцәа ааргон убри аҟынтә, агоспиталь аҿы ахшара дзауз адырҩаҽны дҭыргеит. Кәачара анырга, амҩагьы аадыртит, убри аҟынтә, декабр 8 шыҟаз ҳаӡҟи ҩышықәса зхыҵуаз иашьеи ҳаманы Тҟәарчалҟа амҩа ҳақәлеит машьына дук ала.

Амашьына ауаа рацәаны иақәтәан, амҩан аӷа иҳаирпланқәа ҳхыԥраауан. Убри инаркны ҳаивнагеит ҳҭааацәеи ҳареи, хымшҟа ахәыҷқәа ҳаманы сҭацеи сареи Тҟәарчал ҳаҟан, уантәи вертолиотла ахәыҷқәа ҩыџьа шьҭыхны Тебердаҟа ҳаԥрит, избанзар, акыр ишәарҭан ҩадахьтәи афронт аҿы, аибашьра ашыкьымҭа иҭагылан. Убри аамҭазы сашьа Нана Тҟәарчал аҩбатәи авертолиот шьҭыԥраарҭаҿы ихәыҷи, иԥшәмаԥҳәыси, иабхәындацәа рыхшара ицны авертолиот иазыԥшызааарын, аха ҳара хаибамбеит. Ҳаивнагеит, уи нахыс лахьынҵасгьы иаҳмоуит аибабара. Тиберда ҳаннеи ҳхәыҷқәеи ҳареи Черкессктәи араион иаҵанакуа, Ельбурган ақыҭа, абазақәа рыҩныҟа ҳааргеит. Арахь аҩныҟа иҟаз сгәы ишыҵхоз, исаҳаит ажәабжь хлымӡаах, Лаҭа ахәыҷқәа зҭаз авертолиот ҭахеит ҳәа.

Сцәа ианырит ҳҭаацәа иреиуаз уа иҭазар ҟаларын ҳәа, избанзар, Тҟәарчал ҳаныҟаз, ҳәанҳәахла исаҳахьан сашьа ихәыҷы Елана дыкны лбаа авертолиот иазыԥшын иԥшәмеи иареи ҳәа. Ельбурган убри аамҭазы агуманитартә цхыраара аизгарзы иҟаз Кәтолтәи ҷкәынак дызбеит, иаахтны акгьы сеимҳәеит аха, ицәажәашьа шыҟаз ала, ҽеи шыҟамыз еилыскааит.

Убри анаҩсан Гәдоуҭаҟа сааит, Лаҭатәи атрагедиа зыԥсҭазаара ҿахнаҵәаз сыуацәа, иара убас, иҭахаз зегьы рҵәыуаразы. Лаҭатәи атрагедиа иаццышәит сашьа Нана иԥшәма, ихәыҷы иара. Абжьыуаа рқыҭақәа рҟынтәи иҟаӡам ари зхьымсыз ҭаацәарак. Иқьызқьызуан усҟан Аԥсны, амца қьоуқьад иалаблыз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыԥсыбаҩқәа зну авидео кадрқәа уанрыхәаԥшуа, ари ахҭыс адунеитәи атрагедиақәа рсиаҿы иургылоит, убриаҟара игәаӷьыуацәоуп ахәаԥшрагьы, алацәажәарагьы.

Авертолиот иҭыргаз аԥсыбаҩқәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы ианнарга, уаҟа аус зуаз саҳәшьа еиҳабы лҩызак гәҩарас илоуит руаӡәы сашьа Нана иоуп ҳәа. Уи аамҭазы иара уи агоспиталь аҿы аус луан саҳәшьаԥҳа Алиса Аџьԥҳа. Лара лоуп уи иара шиакәыз шьақәзырӷәӷәазгьы, уаҳа усҟан Гәдоуҭа иҳазгәакьаз аӡәгьы дыҟамызт. Иара имаха-ишьаха уҳәа дуаҩы ԥшьагьаҭҳан, убри аҟынтә аӷа иҭирҟьаз ибаҩ зынӡа иццышәны иазымгеит. Сҭацеи Еланеи рыԥсыбаҩқәа реилкаара аӡәгьы илымшеит, убриаҟара еицакын авертолиот иҭаблыз рсахьақәа.

© Фото : из архива Элеоноры КогонияБрат Элеоноры Когония, который погиб в Латской трагедии
Брат Элеоноры Когония, который погиб в Латской трагедии - Sputnik Аҧсны
Брат Элеоноры Когония, который погиб в Латской трагедии

 

Ари ахҭыс аныҟала, ақырҭқәа дара ишырҟазшьаз еиԥш "ҳара ҳакәӡам авертолиот еихсыз" ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит, уи аамҭазы Лаҭа ахырӷәӷәарҭақәа зкыз дара шракәызгьы. Ақырҭқәа иахьагьы уразҵаар, аибашьра иалагаз дара ракәӡам, "аԥсуааи ақырҭқәеи ҳаӷацәа роуп изхароу" рҳәоит Урыстәыла аганахь ҽмыршьагала ахара нашьҭуа.

R.S. Аибашьра ашьҭахь Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы саннанага, уа дышьҭан милаҭла иаурысыз ԥҳәыск. Убри исзеиҭалҳәеит декабртәи ахҭысқәа раамҭазы, лара Лаҭа ақыҭан лҭынхацәақәак рҿы лҽыҵәахны дшыҟаз. "Авертолиот анкаҳа, икажьыз аԥсыбаҩқәа рнаҩсангьы, иԥсаҟьаны ишьҭан урҭ рымаҭәақәа зҭаз ачемоданқәа, еиуеиԥшымыз ашәырақәа. Аҭыԥанҭәи ашәанцәа урҭ ирҭыԥшааны еибганы инхаз аҷан ргон" лҳәеит лара, сҭаацәа уи авертолиот ишҭаблыз анылзеиҭасҳәа.

Сгәы иалоуп иахьа уажәраанӡа, ахәыҷқәеи аҳәсеи зҭатәаз ажәҩан иалаз авертолиот еихсыз дахьеилкаам. Иԥсы ҭазар, ахәыҷқәа рыҵәаабжь наунагӡа игәы иқәыҩлашт иҟеиҵаз агәнаҳа иахаҿраны.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0