Имҩаԥгоуп ажәабатәи арратә-спорттә еицлабра "Аиааира"

© Sputnik / Томас ТхайцукИмҩаԥгоуп ахәбатәи аспорттә-арратә еицлабра "Аиааира"
Имҩаԥгоуп ахәбатәи аспорттә-арратә еицлабра Аиааира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еилкаауп ажәабатәи арратә-спорттә еицлабра "Аиааира" алҵшәақәа.

АҞӘА, 31 жьҭ — Спутник Аԥсны. Ажәабатәи арратә-спорттә еицлабра "Аиааира", мҩаԥган Баӷмаран аҳаблаҿы. Уи азкын Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аиааира агара.

Аицлабрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу ашколхәыҷқәа. Ахәмаррақәа рылҵшәақәа рыла хымш имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҿы Аҟәатәи ашколхәыҷқәа аиааира ргеит.

Аӡбаҩ хада Аслан Ҭаркьыл аиааира згаз аҳамҭақәеи аҳаҭыртә бӷьыцқәеи риҭеит. Аҵареи, анаукеи, аспорти, аҿартә политикеи Рминистр Адгур Какоба ахәмаррақәа зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит аицлабрақәа аҳаракра бзиа шрымаз.

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит арратә-патриоттә ааӡара аплан инақәыршәаны Аҵара Аминистрреи Атәылахьчареи Аминистрреи рецхыраара ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0