Беслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟазҵаз абахҭаҿ иааныжьуп

© Sputnik / Евгений БиятовБеслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟазҵаз абахҭаҿ иааныжьуп
Беслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟазҵаз абахҭаҿ иааныжьуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аусӡбарҭа аӡбарала Беслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа агәҩара зыдҵоу абахҭаҿ иааныжьуп.

АҞӘА, абҵ 19 — Sputnik. Аҟәа ақалақь аусӡбарҭа аӡбарала аԥыза-министр Беслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа агәҩара зыдҵоу абахҭаҿ иааныжьуп.

Беслан Быҭәба иганахь ала ацәгьоура ҟаҵан асабша ауха, иҭаацәеи иареи ахәшәтәырҭахь амҩа ианықәыз аамҭазы. Ацәгьауцәа аԥыза-министр имашьына ааныркылеит. Анаҩс, ацәгьоуцәа рмашьына иҭыҵыз ҩыџьа Быҭәба ааха ирҭеит, уи ашьҭахь ибналеит.

Ацәгьара ҟарҵеит ҳәа агәҩара рыдҵоуп ҩыџьа, Ахра Еныкьи, Инал Аҩӡбеи. Урҭ аамҭалатәи абахҭа иҭаркит.

Иахьа Аҟәа ақалақь аӡбарҭа иаднакылеит аӡбара иаанкылоу Еныкьи Аҩӡбеи абахҭаҿ рааныжьразы.

Беслан Быҭәба иганахь ала аҭыԥ змаз ацәгьоурала Аҟәатәи апрокуратура абҵара 16 рзы ашьауӷатә ус аанартит "аҳәынҭқарра аиҳабыра ахаҭарнак иԥсҭазаареи игәабзиареи ашәарҭара аҭаргыла" астатиа ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0