Аҳәынҭқарра Ахада амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы адокумент идгалахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқарра Ахада идгалахоит адокумент амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы
Аҳәынҭқарра Ахада идгалахоит адокумент амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа Рауль Ҳаџьымба идигалоит амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы адокумент.

АҞӘА, ԥхҷ 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарра ахада иднагалоит амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы адокумент, иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Рауль Лолуа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

"Астатистика ишаҳнарбо ала, амҩатә машәырқәа ирылахәу рықәра 21 шықәса еиҳам", — азгәеиҭеит Лолуа.

Аҳәынҭқарра Ахада иахь ишьҭхо ақьаад ишаҳәо ала, амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга зырҭо 20 шықәса иреиҵамзар ахәҭоуп, амҩатә машәырқәа зыхҟьо аилкаареи, урҭ раԥыхреи ирызкхо аексперттә комиссиа аиҿкаара аҭахуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ихымԥадатәины иахәаԥшуеит автомашьынақәа рыласра закәанла ишагырхатәу. Убас, ақалақьқәа рыбжьара уи 90 км./с., ақалақь аҩнуҵҟа — 50км/с, ашьаҟауаа ахьыҟоу акәша-мыкәша — 30км/с еиҳамхароуп.

Рауль Лолуа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада иахь ааԥхьара аҟаҵара шьаҭас ишамоу аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахаз амҩатә машәырқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0