Аекономика аминистрра иманшәалоу анаплакратә ҭагылазаашьа аԥнаҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара ахыбра
Аминистрцәа реилазаара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрра "Аԥсны Аҳәынҭқарра анаплакратә ҭагылазаашьа ацхыраареи аҿиареи рзы" азакәан апроект аԥнаҵеит.

АҞӘА, жьҭ 21 – Sputnik, Саид Барганяьиа. Азакәан  Аҳәынҭқарра аҟны иманшәалоу анаплакратә ҭагылазаашьақәа раԥҵареи, абизнес аҿиара азы азинтә шьаҭа аҿиара ацхыраареи ирызкуп, аҳәынҭқарратә программа аҳәаа иҭагӡаны, абри атәы аекономика Аминистрра апресс-маҵзура Sputnik иазаанацҳаит.

Иара убас аекономика аминистрра "Ашәахтәқәа рсистема армариара" азы азакәан еиҿнакааит, уи Аԥсны амаҷи, абжьаратәии абизнесқәа ирықәу ашәахтәқәа рсистема армариара ахь ахы хоуп.

"Азакәан "ашәшьыра иҵоу" аԥара аҵхреи, абиуџьет ахарҭәаара азы аҭагылазаашьақәа ралԥшаареи иазкуп", – аҳәоит аекономика аминистрра апресс-маҵзура.

Аекономика аминистрра анаплакратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, Аԥсны аинтерес змоу атәылауааи рахь рхы рханы аҳәара ҟарҵоит азакәанапроектқәа ртекст иаԥхьаны еилдыргарц, агәаҳәарақәеи азгәаҭарақәеи, акомментариақәеи змоу аминистрра аелектронтә адрес ахь иаарышьҭларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0