Аҟәа амҩақәа рҿы зыблабара маҷу ауаа рзы иҷыдоу ахаҳә ықәырҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа ақалақь ахадара аҿаԥхьа ахаҳә ҿыц ашьҭаҵара
Аҟәа ақалақь ахадара аҿаԥхьа ахаҳә ҿыц ашьҭаҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҷыдоу атактильтә хаҳә илашәуи, цқьа зыла иамбои ауаа рынеиааира армариоит ҳәа лгәы иаанагоит Аҟәа Администрациа анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Елена Атиопина.

АҞӘА, жәб 9 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аиааира амҩаду аихдарақәа рҟны, уажәы арҽеиратә усурақәа ахьымҩаԥысуа, илашәуи, зыблабара маҷу ауааԥсыреи рзы атактильтә хаҳә шьҭаҵазаауеит, абри атәы Аҟәа Администрациа анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Елена Атепина Sputnik акорреспондент иалҳәеит.

"Иҷыдоу атактильтә хаҳә илашәуи, зыблабара маҷу ауааԥсыреи Аҟәа амҩақәа рҿы рынеиааира армариоит", – лҳәеит Атиопина.

Аҳҭнықалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы лажәақәа рыла, Аиааира амҩаду аҟны ахаҳә ашьҭаҵараан зылшарақәа ԥку рзы апандусқәагьы рыҟаҵара азԥхьагәаҭоуп.

Ашьаҟамҩатә хаҳә ашьҭаҵареи, Аиааира амҩдуа аӡымҩангагатә системеи рзы аусурақәа алгаразы маҷк агуп ҳәа иазгәалҭеит Атиопина.

Аҟәа амҩа хада аҟны ашьаҟамҩатә хаҳә ашьҭаҵара ԥхынҷкәын 2014 шықәсазы иалагеит. Урҭ аусурақәа 2015 шықәса лаҵарамзазы ихыркәшахоит.

Ашьаҟамҩатә плитка  ҿыц Аиааира амҩаду иамариашаны Воронова имҩа аҟынӡа ишьҭаҵазаауеит, Аҟәа аквартал хадақәа хԥа амҽханакуеит.

© Sputnik Томас ТхайцукУкладка плитки перед администрацией г. Сухум.
Укладка плитки перед администрацией г. Сухум. - Sputnik Аҧсны
Укладка плитки перед администрацией г. Сухум.
Ажәабжьқәа зегьы
0