Аԥсны ахада Хьыбла Гьырзмаа "Ахьӡ-аԥша" аорден ланаишьеит

© Sputnik Томас ТхайцукНародная артистка Абхазии и России Хибла Гердзмава. Фото с места события.
Народная артистка Абхазии и России Хибла Гердзмава. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ-аԥша" занашьоу ҩажәаҩык рҟынтә Хьыбла Гьырзмаа раԥхьатәи ԥҳәысуп.

АҞӘА, жәб 23 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥнсыи Урыстәылеи жәларқәа рартистка Хьыбла Гьырзмаа I-тәи аҩаӡара змоу "Ахьӡ-аԥша" аорден ланаишьеит, жәларбжьаратәи азхаҵара зауз, акультуреи аҟазреи рҿы иаалырԥшыз ақәҿиара дуқәа рзы.

"Ари шәзыԥсоу ҳамҭоуп. Ҳара ҳшәылаҿхәоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҟашәҵаз алагалазы. Еиҳау ақәҿиарақәагьы шшәоуа агәра ганы ҳаҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.

Хьыбла Гьырзмаа аорден ланашьаразы ақәҵара Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит ажьырныҳәа 6 рзы, аоператә шәаҳәаҩы лира амш аҽны.

"Ари аҳамҭа ахьсанашәшьаз сара сзы ҳаҭыр дуӡӡоуп, иҭабуп", — лҳәеит Хьыбла Гьырзмаа.

"Ахьӡ-аԥша" аорден Аԥсны Жәлар Реизара иаԥнаҵеит 2002 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы. Уи ранашьазар алшоит Аԥсны атәылауаа реиԥш Аԥсназы зџьабаа рацәоу атәымтәылауаагьы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари аҳәынҭқарратә ҳамҭа ранаршьахьеит Фазиль Искандер, Баграт Шьынқәба. "Ахьӡ-аԥша" занашьоу ҩажәаҩык рҟынтә Хьыбла Гьырзмаа раԥхьатәи ԥҳәысуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0