Сергеи Лавров Франциа "нормандтәи аԥшьба" реиԥылара ихы алаирхәит

Анапаҵаҩра
Урыстәыа, Украина, Франциа, Герамаиа адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа алархәны Франциа аконсультациатә еиԥылара имҩаԥысуеит.

АҞӘА, жәб 24 — Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Париж даҭааит Адәныҟатәи Аусқәа Рминистрра рхадацәа реиԥылара далахәхарц азы, абри атәы РИА Новости иаанацҳауеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра "нормандтәи аԥшьба" ахадацәа Париж аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит.

Аконсультациақәа Франк-Вальтер Штаинмаинер, Лоран Фабиус, Павел Климкин алархәны Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟны имҩаԥысуеит. Аиԥылара амш аҩбатәи азбжазы иалагараны иҟоуп. Аганқәа жәабран 12 рзы ирыдыркылаз минсктәи аиқәшаҳаҭра ала, Украина аҭынчратә усқәа шымҩаԥысуа аҭагылазаашьақәа ирыхәаԥшроуп.

Лавров Парижҟа Ниу-Иоркынтәи дааит, уаҟа СБ ООН жәларбжьаратәи ашәарҭадара аусқәа рыпроблемала адебатқәа дрылахәын.

Уи аԥхьа Украина адәыҟатәи аусқәа рминистрра Евро-еидгыла абжьаҟазаратә контингенти ООН Донбасс аргылара азҵаарақәа рылацәажәара ишазхиоу атәы рҳәеит.

Минсктәи алацәажәарақәа рыҟны иззаиз

Украина амилаҭтә шәарҭадареи, ахыхьчареи рзы ахеилак жәабран 12 рзы реилатәара мҩаԥысуан Донбасс аҭагылазаашьа цәгьа ианҭагылаз. Урыстәыла, Украина, Франциа, Германиа ахадацәа реиԥылара алҵшәа Донбасс жәабран 15 инаркны аибашьра аҟәыхреи, ашәарҭадаратә зона аиҿкаареи аҟны иааит.

Минсктәи аиқәышаҳаҭра ишақәныҟәо

Дебальцево ада аибашьра аҟәыхра арежим зехьынџьара иақәныҟәоит. Уи ақалақь аҟны, ақәԥаҩцәа ахәшьара шарҭо ала, х-нызқьҩык Украина аруаа амацәаз иҭакуп, амала Киев уи аҭакра мап ацәыркуеит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Дебальцево араион аҟны аидысларақәа мҩаԥысуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0