Аетнографиатә музеи аартра аидеиа иалацәажәеит

© Sputnik Томас ТхайцукОтдел этнографии абхазского государственного музея
Отдел этнографии абхазского государственного музея - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәҩан аҵаҟа иҟоу аетнографиатә музеи автор Станислав Ҵәыџьба излаиҳәо ала, ас еиԥш иҟоу амузеи аартра аԥсуа милаҭтә культура арҿиареи уи адунеи аларҵәареи иацхраауеит.

АҞӘА, хәжәк 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит архитектор Станислав Ҵәыџьба аԥсуа етнографиатә музеи аартразы имоу агәҭакы алацәажәара.

Ҵәыџьба иажәақәа рыла, ажәҩан аҵаҟа иҟоу аетнографиатә музеи аҟны еиҭашьақәыргылахоит ажәытә аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа зегьы. Уахь иаҵанакуеит ахыбрақәа, еиуеиԥшым анхамҩатә, ашәарыцаратә маҭәахәқәа, анапҟазара, аԥсуаа рҭоурых, рыбзазара иаҵанакуа амаҭәарқәа.

"Ҳагәҭакы анагӡаразы адгьыл ҳарҭар, уи иашьашәахалаша апроект ҩны ишьақәҳаргылоит. Ас еиԥш иҟоу аетнографиатә музеи иабзоураны ҳажәлар зқьышықәсалатәи рҭоурых аиқәырхара ҳалшоит, иара убас ҳмилаҭтә ҵасқәа ҳанхашьа-ҳанҵышьа егьырҭ ажәларқәа ирбартә иҟалоит", — иҳәеит Ҵәыџьба.

Аҵарауаа еицҿакны иадгылеит Станислав Ҵәыџьба иҟаиҵаз ажәалагала, ажәҩан аҵаҟа иҟоу аетнографиатә музеи аиҿкааразы апроект аныҟала, уи иаҳәо ахәҭақәа рынагӡаразы ацхыраара аҟаҵара ишазыхиоу рҳәеит.

"Аидеиа ссируп, иадымгыло ԥсыуак дҟалап ҳәа сыҟам. Ҳара иҳамоуп аҵарауаа, аетнографцәа, афольклористцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа уҳәа, урҭ рџьабаа ахархәара азутәуп аетнографиатә музеи аартраан, урҭ русура амузеи шьаҭас иамоуп", — иҳәеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.

Иқәгыланы ицәажәоз аҵарауаа иазгәарҭеит аетнографиатә музеи аартра аидеиа шҿыцым, уи 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны игәы ишыҵхоз аҵарауаҩ Иури Гәыдиса-иԥа Аргәын.

Аҵарауаа иара убас, жәалагалак аҳасабала ирҳәеит аетнографиатә музеи еиԥшу апроектқәа равторцәа аус еицырур еиҳа алҵшәа шаиуа.

Станислав Ҵәыџьба ажәҩан аҵаҟа иҟоу аетнографиатә музеи аиҿкаара игәы иҭеикит 1983 шықәсазы. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амузеи ахьыҟалаша аҭыԥқәа алыркаахьан, аха еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны апроект анагӡара залымшеит.

Раԥхьаӡа акәны аетнографиатә музеи хтын Швециа 1891 шықәсазы. Уи ашьҭахь Европа атәылақәа рҟны еиҿкаан.

Ажәабжьқәа зегьы
0