Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа Риҵа иӡааҟәрылаз иԥшаара рҽазыркуеит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВодолазы МЧС РФ. Архивное фото.
Водолазы МЧС РФ. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аладатәи арегионалтә центр аусзуҩцәа 22-ҩык Аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рырҭоит Риҵа аӡиаҿы иӡааҟәрылаз урыстәылатәи аҳазалхҩы иԥшаараҿы.

АҞӘА, мшԥ 2 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аладатәи арегионалтә центр аусзуҩцәа 22-ҩык Риҵа иӡааҟәрылаз урыстәылатәи аҳазалхҩы Вадим Миасников иԥшаара рҽазыркуеит, ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Иацы ашәҟәы сышьҭит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррахь аԥшааратә усқәа рҿы ацхыраара ҳарҭарц. Иахьа ҩажәаҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәа иӡааҟәрылаз иԥашаара иалагоит. Урҭ ахьаауа иҷыдоу амаҭәахәқәа ааргоит, аӡы аҵаҟа реиҳа иахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы аԥшаара зырманшәалаша", – иҳәеит Кәыҵниа.

Озеро Рица. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Риҵа дӡааҟәрылеит

Ахҭыс ахьыҟалаз азааигәара Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аԥшааратә лагер дыргылеит. Аминистр иажәақәа рыла, хәжәкыра 31 рзы иӡааҟәрылаз Вадим Миасников иԥшаара иахьанӡагьы иаанкылам.

Урыстәылатәи Афедерациа аҳазалхратә усбарҭа Уралтәи ахаҭарнакра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вадим Миасников Риҵа иԥсы ишьон иԥҳәыси ихәыҷқәеи ицны.

Иӡааҟәрылаз иԥшаара ауадаҩра ацуп аӡиа аҵа арелиеф ахьеиуеиԥшым азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0