Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырыҩра Дәрыҧшь имҩаҧысуеит

© Sputnik Томас ҬҳаиҵыкәАиааира ду 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырҩра Дәрыҧшь имҩаҧысуеит
Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырҩра Дәрыҧшь имҩаҧысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырыҩра Дәрыҧшь ақыҭан имҩаҧысуеит.

ДӘРЫҦШЬ, лаҵ 8 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырхәмарратә еицлабрақәа Дәрыҧшь ақыҭан имҩаҧысуеит.

Аҽырыҩра аартра далахәын Гәдоуҭа араион ахада Руслан Ладариа. Аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит ҩы-мыш, иахьеи уаҵәи.

Аицлабрақәа рхы рыладырхәуеит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьба: Аацы, Аҷандара, Абӷархықә, Дәрыҧшь, Жәындәрыҧшь, Џьырхәа, Лыхны. Аныҳәатә ҽырыҩра иалахәу еицлабуеит еиуеиҧшым адистанциақәа рыла, урҭ рахьтә Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 70 шықәса ахыҵра  ахьӡалеи, Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵра ахьӡалеи. Акомандақәа ҩымш ирылагӡаны еицлабуеит иара убас ҧсуаҵас аҽырхәмарра, аҭарчеи агара, аҵәеигәыдҵа, ҽыла ампыласра, аҳәаҟьара рҟны.

"Иахьа араҟа имҩаҧысуа аныҳәа есышықәса имҩаҧаҳгоит, ҳабацәа ҳабдуцәа рфырхаҵара ахашҭра азин ҳамаӡам. Ҧхьаҟа игыло аҿар ҳҭоурых реилыркааразы, ҳмилаҭтә хәмаррақәа абзиабара дыркразы ас еиҧш иҟоу ахәмаррақәа хымҧадатәиуп. Акомандақәа аҧхьахә агаразы пату еиқәҵаны ҧсуаҵас ихәмаруеит. Ҽаанбзиала шәнеиааит зегьы", — иҳәеит Аҷандара ақыҭа ахада Витали Џьениа.

Дәрыҧшь имҩаҧысуа аҽырыҩра рбарц иааит асасцәа маҷымкәа.

"Сара иџьашьаны срыхәаҧшуеит аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа, аҽыбӷаҟазацәа иаадырҧшуа агәымшәара ухнахуеит. Ахәмаррақәа зегь ҧшӡоуп, аиҳарак сара исгәаҧхеит ҽыла ампыл асра. Ас еиҧш иҟоу ахәмаррақәа змоу ажәлар акыр ибеиоуп", — лҳәеит Урыстәылантәи иааз асас Светлана Барамзина.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 70 шықәса аҵра иазку аҽырыҩра Дәрыҧшь ақыҭан уаҵәы Аиааира ду амш азы иацҵахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0