Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны

© Foto / Ҭ. Арышԥҳа лхатә архив аҟнытәҬамила Арышԥҳа арепатриантцәа аԥсуа бызшәа длырҵоит
Ҭамила Арышԥҳа арепатриантцәа аԥсуа бызшәа длырҵоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи 10-тәи ашкол аушьҭымҭацәа аԥсуа литературазы аԥышәара ахьырзамҭаз, иара убас иааидкыланы ашкол аҟны абызшәа арҵара апроблема дазааҭгылеит аԥсуа бызшәа арҵаҩы, аиҭагаҩ Ҭамила Арышԥҳа.

АҞӘА, рашә 30 — Sputnik. Ари даара хшыҩзышьҭра аҭаны изызнеитәу усуп! Инеиқәҵа-ааиқәҵо апроблема ҳзыӡбаӡом. Сгәы иаанагоит хылаҧшра арҭароуп раҧхьа иргыланы аҭаацәа, аха уи аан урҭ рымацара рыдыжьларагьы иашаӡам, ҳәа азгәалҭеит мышқәак раԥхьа ашкол аушьҭымҭацәа аԥсуа литература шырзамҭаз азы ауаа ирылаҵәаз ажәабжь аԥсуа бызшәа арҵаҩы, аиҭагаҩ Ҭамила Арышԥҳа.

"Ҳара ибзианы иаҳдыруеит ахәыҷы ашкол ахь дцаанӡа ихатәы бызшәала ибзианаы данцәажәо, нас ашкол аҟны иаразнак, шықәсык-ҩышықәса рнаҩс, аурыс бызшәа аҧыжәара аиуа ишалаго, аҧсшәа шхьысҳахо, дышнеиуа дзаламцәажәо аҟынӡа ишицәыӡуа. Ашкол атәы ҳҳәозар, 11 класс рҟынӡа инеиаанӡа ари аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа раҩырмыжькәа, уахгьы-ҽынгьы рҽеишьас иамоу иазхәыцлароуп", – лҳәеит аексперт.

Аха убри аамҭазы, аексперт излалҳәо ала, апроблема шыҟоу ианаамҭоу иумҳәар, уи аӡбара уахыԥоит, ауаҩы иахьихьуа дырны инацәы ақәикроуп ҳәа, даҽаӡә дааины уара утәы изыӡбаӡом.

"Сара исыздырӡом школк, анапхгара акәыз, дара уи знапы иану арҵаҩцәа ракәыз,  ҳхатәы бызшәа ҳаздырҵаӡом, ҳхы ҳжьоит, даргьы ҳжьоит, ари азҵаара аӡбараҟны ацхыраара ҳҭахуп ҳәа аиҳабыра рахь, аҵара аминистррахь инеины иқәзыргылахьоу, абри аан, ашкол аушьҭымҭацәа рыҩныҵҟа аҧсшәа ззымдыруазгьы "хәба" ҳәа иалырганы иаурышьҭуан акәымзар! Уи ҟаҵашьас иамаз иацгьы иахьагьы аилкаара сцәыуадаҩуп! Агәыҧқәа реихшара азҵаара ахьықәгылаз, иахьыӡбахьазгьы ахатәы зеиҧшдырратә школ "Альфаҟны" ауп. Аха рыцҳарас иҟалаз, уи ашкол аҵара аминистрраҟны 10 шықәса раахыс аркышьас иамоу акәын изызхәыцуаз", — ҳәа лажәа иацылҵоит Ҭамила Арышԥҳа.

"Ари ӡбашьа змам зҵаараӡам, знымзар-зны ицәырмҵыр ауӡомызт, ара ашкол аҟны мацара акәымкәа, ҳхатәы бызшәа азҵаара комплексла ианазнеитәыз аамҭа ааизар ҟалап иага иахаҳгаргьы. Ҳахьынӡагхазгьы — азҵаара аӡбара напы аҳаркыр, иаҳбоит. Хымҧада, уи цәырызгаз аҵара аминистр иоуп, аушьҭымҭацәагьы иаанхаз ҩымз рыла амаҭәар аҵара ишахьымӡо еилкаауп, аха уи дара рымацара иабанӡархароу? Сгәаанагарала, арҭ ахәшьарақәа ҩажәа шықәса раахыс ҳбызшәа аҭагылазаашьа рныҧшит. Ҳхатәы бызшәазы аҭакҧхықәра зду ҳазегьы ҳахә ашьароуп иахьа иҟалаз", – ҳәа лажәа хлыркәшеит аексперт.

Ажәабжьқәа зегьы
0