Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи 100 шықәса рхыҵра азгәарҭеит Аҟәа

© Sputnik Бадра АвидзбаҶыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи 100 шықәса рхыҵра азгәарҭеит Аҟәа
Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи 100 шықәса рхыҵра азгәарҭеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи ирызкыз ахәылԥаз рхы аладырхәит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи рылахәылацәа, аҵарауаа, ауаажәлар, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

АҞӘА, рашә 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәыҩҩцәа Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи иижьҭеи шәышықәса аҵра иазкыу ахәылԥаз Афырхаҵареи ахьӡ-аԥшеи рҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥган ахаша, рашәара 10 рзы.

Ахәылԥаз рхы аладырхәит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи рлахәылацәа, аҵарауаа, ауаажәлар, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

"Иаҳхысыз амзазы адунеи зегь аҿы инарҭбааны иазгәаҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра ду еилгеижьҭеи 70 шықәса аҵра. Абри аибашьра иалан аӡәымкәа ҩыџьамкәа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, убарҭ иреиуоуп Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи. Ҳахәылԥаз рзаҳкуеит иаҳхысыз амзазы урҭ 100 шықәса рхыҵра", — иҳәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа аиҳабы Мушьни Лашәриа.

Мушьни Лашәриа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку аҩымҭа шьахәқәа шаԥырҵаз.

Александр Пушкин 216-тәи иира мшы азгәарҭеит Аҟәа

"Ҷыҷыкәа Џьонуа иажәеинраала "Унҳажьуеит, Аҟәа, аамҭала" аԥхьаҩцәа еицырдыруа иҟалеит. Ҟазара ҳаракыла иҩуп Қьаазым Агәмаа иаԥҵамҭа "Абаандаҩы", — иҳәеит Лашәриа.

Ахәылԥаз аҟны иқәгылоз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи иргәаладыршәон Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи ирыдҳәалаз ахҭысқәа, урҭ ирызку ргәалашәарақәа.

"Қьаазым Агәмаа иажәеинраалақәа апоезиа агьама ҳзыркуаз иреиуоуп. Ҷыҷыкәа Џьонуеи сареи акыршықәса ажурнал "Алашара" аҟны аус еицаауан. Уи ашәҟәыҩҩцәа реихьӡарақәа дреигәырӷьон еснагь", — иҳәеит апоет Никәала Кәыҵниа.

Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи ирызкыз ахәылԥаз аҟны иқәгылеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа, ирыԥхьеит апоетцәа ражеинраалақәа.

Ахәылԥаз ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылан. Актәи аҟны актиорцәа ирыԥхьеит Ҷыҷыкәа Џьонуеи Қьаазым Агәмааи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иаԥырҵаз аҩымҭақәа, иара убас, аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа. Аҩбатәи ахәҭаҿы ирыԥхьеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аурыс поетцәа иаԥырҵаз ажәеинраалақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0