Ахәаахәҭратә палатеи Аԥсны аколлеџьқәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik Астанда АрдзинбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аԥсны иҟоу апрофессионалтә ҵаратә коллеџьқәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ахаша, рашәара 24 рзы

АҞӘА, рашәара 24, Sputnik,  Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Аԥсны иҟоу апрофессионалтә ҵаратә коллеџьқәеи (Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь, Аусхкырацәатә коллеџь, Агуманитар-екологиатә коллеџь) рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысит рашәара 24 рзы.

Аԥсны иаҭааит ҭырқәтәылатәи атуристцәа раԥхьатәи ргәыԥ

Аиқәшаҳаҭра ҵакны иамоуп аганқәа рҽеидкыланы еиуеиԥшым аҵаратә проектқәеи апрограммақәеи рҟны аус руларц ҳәа ааицҳаит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахантәаҩы Генади Гагәулиа.

"Ареспублика аекономика  аҿиара иаҿуп, аха ҳара иҳазхом аҟазацәа. Иҟоуп апроблемақәа аҵаратә усбарҭақәеи анаплакыҩцәеи реинырраҟны. Ҳара урҭ рыбжьара ҳаимадаҩны ҳҟалар ауп. Ииашоуп ҳара иҳамам аус азҟазацәа аха ҳара иҳамоуп аусура зылшо ауаа. Урҭ аҵара дырҵатәуп", — иҳәеит иара.

Анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аганқәа  еицәажәеит аамҭа-аамҭала анапхгаҩцәа аиԥыларақәеи аилацәажәарақәеи, асимпозиумқәеи астол гьежьқәеи мҩаԥыргаларц.

Гәында Кәыҵниаԥҳа, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра абжьаратәии апрофессионалтәи ҵара аҟәша аспециалист хада, лажәақәа рыла, анаплакыҩцәеи аҵараиурҭақәеи реимадара иацҵахароуп.

"Аԥсны иҟоуп абжьаратә профессионалтә ҵараиурҭақәа фба. Урҭ шықәсык ала иоурышьҭуеит 500-600-ҩык аҟазацәа. Арҭ аҵаратә усбарҭақәа зегьы асеиԥш иҟоу адгылара рҭахуп", — лҳәеит лара. 

Лара лажәақәа рыла апроблемақәа шыҟоугьы аколлеџьқәеи атехникумқәеи раҳаҭыр аизырҳара аҭахны иҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0