Ельвира Арсалиа: "Шьараҭын" акәашараҟны акультуратә ҭынха еиқәнархеит

© Фото : с сайта Культурные сезоны Россия-АбхазияШьараҭынаа рыкәашара. Архивтә фото
Шьараҭынаа рыкәашара. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" иахыҵит 45 шықәса.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik, Саид Барганџьиа. "Шьараҭын" — акәашараҟны акультуратә ҭынха аиқәырхара зылшаз, инарылукааша, иуникалтәу ансамбльуп лҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аминистр лажәақәа рыла ансамбль раԥхьатәи анапхгаҩы Едуард Бебиа иаамҭазы илшарақәа рацәаӡоуп адунеи иахыҵәаз, афольклортә материал шьаҭас измаз, аинтерес зҵаны иҟаз акәашарақәа рықәыргылараҟны.

"Уеигәырӷьартә иҟоуп иахьа, иара иԥа, Руслан Едуард-иԥа Бебиа иаб ишьҭра дахьықәу. Уи ибаша-машоу шьҭрақәларам, Руслан зҟазара аинтерес аҵоу хареографуп. Иахьа "Шьараҭын" аҿар еидызкыло коллективуп", — иазгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Акультура аминистр лгәаанагарала ансамбль аконцертқәа раан акәашарақәеи, ақәгыларақәеи, акомпозициақәеи иааидкыланы аԥсуа жәлар рдунеи, рыбзазара рныԥшуеит.

"Сара исҭахуп абри аҟазаратә коллектив аҟны ишьақәгыланы иҟоу ашьҭреимдара еиԥҟьара амоурц. "Шьараҭын" ԥхьаҟагьы адунеи иреиӷьу асценақәа аршанхаларц", — ацылҵеиит лара.

Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" еиҿкаан 1970 шықәса рзы. Раԥхьатәи напхгаҩыс дыҟан еицырдыруа абалетмеистер Едуард Уаҳаид-иԥа Бебиа.

Иахьа, ансамбль "Шьараҭын" напхгара аиҭоит иара иԥа – Руслан Едуард-иԥа Бебиа, Москватәи акультура ауниверситет аушьҭымҭа.

Ансамбль "Шьараҭын" инанагӡоит афольклортә, ақьабызтә, аритуал ҟазшьа змоу акәашарақәа. "Шьараҭын" арепертуар аҟны иҟоуп "Анхацәа рыкәашара", "Аҽыуаа", "Аҟармыгә-кәашара", "Нарҭаа рыкәашара" уҳәа убас егьырҭгьы.

Акәашаратә ансамбль "Абаза" аҟазара ҭырқәтәылатәи ахәаԥшцәа аршанхеит

Ансамбль иара убасгьы инанагӡоит Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәагьы.

Ансамбль "Шьараҭын" Тунис имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи XI Карфагентәи афестиваль аԥхьахә анашьоуп. Самсун ақалақь аҟны имҩаԥысуаз афольклортә кәашарақәа Жәларбжьаратәи рфестивальқәа хԥа рҟны ансамбль акәашацәа хынтәны аиааира ааргахьеит, Москватәи XII Жәларбжьаратәи афестиваль иадипломантцәахахьеит. Иара убасгьы Алада Урыстәыла ақалалқьқәа рассоциациа жәлар рҟазара афестивальқәа ҩба ирдипломантцәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0