Бзыбтәи аиҩхааҟны амашәыр иақәшәаз амашьына аԥсҟы зкыз ижәны дыҟан

© Фото : МЧС РАМашина с российскими туристами упала с обрыва в Бзыбском ущелье.
Машина с российскими туристами упала с обрыва в Бзыбском ущелье. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа зҭаз автомашьын аӡиа Риҵахь игоу амҩаҟны аҿҟьара иагеит ахаша, ԥхынгәы 22 рзы. Ԥшьы-шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷ хабарда дыӡит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23, Sputnik — Роберт Џьапуа. Гәдоуҭа араион, Бзыбтәи аиҩхааҟны иҟалаз амҩатә машәыр иалахәыз автомашьына аԥсҟы зкыз ижәны дыҟан ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Автомашьына "Ssang-Yong" (аҳәынҭқарратә номер М997 АК 48) аԥсҟы зкыз, Гәдоуҭа ақалақь аҟны инхо, 1985 шықәсазы ииз, Шьаҟрыл А.Т. аӡиа Риҵа аҟынтәи Гаграҟа данаауаз амҩан ацаҟьа даахеит, автомашьына Бзыбь аӡиас иалаҳаит", — ҳәа аҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Амҩатә машәыр иахҟьаны ахәахәа-чахәарақәа рыманы апассаџьырцәа Гагра ақалақьтә хәышәтәырҭыхь инаган.

"Амҩатә машәыр иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩи апассаџьырцәа, Липецк ақалақь ауааԥсыра хҩыки Санкт-Петербург ақалақь ауаҩԥси ааха рмоуит. Санкт-Петербург инхо, 1974 шықәсазы ииз Севриукова Н.И. Гагратәи ахәышәтәырҭа дҭоуп, 2011 шықәсазы ииз Михальскаиа Д.П. лхабар ыҟаӡам. Иӡыз апассаџьыр лганахьала аԥшаарақәа ирҿуп. Амашьынарныҟәаҩ Шьаҟрыл А.Т. даанкылоуп", — ҳәа аҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аацҳамҭаҟны.

Урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа зҭаз автомашьын аӡиа Риҵахь иго амҩаҟны аҿҟьара иагеит ахаша, ԥхынгәы 22, асааҭ жәба рзы. Ԥшьы-шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷ лхабар ыҟам. Иахаахыс ахәыҷы лыԥшааразы ауснагӡатәқәа ирҿуп. Урҭ уажәгьы ишынарыгӡац инарыгӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0