"Нормандтәи аԥшьба": Донецкынтә аррамчқәа ралгаразы амҩа ԥшаатәуп

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры лидеров России, Германии, Франции и Украины в Минске
Переговоры лидеров России, Германии, Франции и Украины в Минске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахылаԥшреи акоординациеи рзы Ацентр аекспертцәеи ОБСЕ амониторингтә миссиа ҷыдеи анапынҵа рыҭоуп Донецктәи жәлар рреспубликаҟынтәи аррамчқәа ралгараз аӡбра рыдыркыларц.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. "Нормандтәи аԥшьба" ахадара адҵа ҟарҵеит нанҳәамза 3 рҟынӡа украинатәи аррамчқәа Донбасс, Широкино аҳаблаҟынтәи ралгараз аӡбра рыдыркыларц ҳәа аҳәамҭа ҟаҵоуп Елисеитәи ахан аҟынтәи.

Ишазгәаҭоу ала Урыстәыла, Германиа, Франциа, Украина рхадацәа абри аҩыза анапынҵа рырҭеит Ахылаԥшреи акоординациеи рзы Ацентр аекспертцәеи ОБСЕ амониторинг миссиа ҷыдеи. Арҭ аиҿкаарақәа рмаҵзуцәа Широкино аҳаблаҟны русура мҩаԥыргалароуп.

Урыстәыла апрезидент Владимир Путини, Германиа аканцлер Ангела Меркели, Франциа апрезидент Франсуа Олланди, Украина апрезидент Петр Порошенкои ҭелла реицәажәара мҩаԥысит аԥшьаша ахәылԥаз.

Аҳәынҭқарратә мчра мчыла аиҭакра здызымкылаз Донбасс ауааԥсыра ирҿагыланы амчратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи шықәсык инеиҳауп. Жәабранмза 12 рзтәи аиҿцәажәарақәа раан иалыршахеит аиқәшаҳаҭра – аибашьра аанкылара, абџьархьанҭа шьҭахьҟа анахара, Украина аконституциа аԥсахрақәа алагалара иара убасгьы "Донецки Лугански аобластқәа хаз иго араионқәа" ҳәа астатус ҷыда рыҭареи рганахьала.

Ажәабжьқәа зегьы
0