Апаспорттә усбарҭа аиқәыршәаразы хә-фирмак азыҳәақәа ҟарҵеит

© Sputnik Астанда АрдзинбаАпаспорттә усбарҭа аиқәыршәаразы хә-фирмак азыҳәақәа ҟарҵеит
Апаспорттә усбарҭа аиқәыршәаразы хә-фирмак азыҳәақәа ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа Реилазаараҟны иахәаԥшит, апаспорттә усбарҭа аиқәыршәаразы афирмақәа хәба иҟарҵаз азыҳәақәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны ААР (МВД) апаспорттә усбарҭа аиқәыршәаразы анардадкылаҩцәа рҟынтәи арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшахеит.

Иаартыз аиндаҭлара иалахәын афирмақәа быжьба, урҭ рҟынтәи ҩба мап ацәыркит аиндаҭлара наҟ-наҟтәи ахалархәра. Убри инадҳәаланы Аминистрцәа Реилазаараҟны ирыхәаԥшит арзаҳалқәа хәба ҳәа ааицҳаит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, аҩашаҽны.

"Апаспортқәа рыҭара асистема ҿыц аԥҵаразы иахәҭаны иҟоу амыругақәа раахәара ҳара иҳаӡбеит аиндаҭларатә шьаҭа аҳҭарц. Хықәкны иҳамоу акоррупциатә схема ахархәара шамам, зегь аартны ишымҩаԥааго ауаа дырбароуп. Уи адагьы аиндаҭлара, ахәԥсагьы анырра анаҭоит. Иахьынӡалшо амыругақәа рыхә еиҵатәны иаҳзаахәар аӡәгьы игәы иалсып ҳәа сыҟам", — иҳәеит Аӡынба.

Ахаҭалатә наплакҩы Цугуриан Левон (Аҟәа), "Степ Лоджик" (Москва), "Микро Лана" (Шәача), ЗҲәА "Атехнологиақәа" (Москва), iSystems (Аҟәа) афирмақәа ражәалагалақәа зҭаз, иаркыз аконвертқәа аилатәараҟны акомиссиа ирыдгалан.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Сериков ишазгәеиҭаз ала азыҳәақәа ахәшьарақәа хазы-хаз ирыҭахоит.

"Адыррақәа рпаспорттә база аларҵәаразы ҳара иааҳхәароуп еиуеиԥшым аалыҵҭыжьыҩцәа быжьҩык рмыругақәа. Аиндаҭлара рылаҳәан лот-лотла еихшаны аиқәыршәаразы. Лотцыԥхьаӡа аилакқәа ражәалагалақәа хаз-хазы ирыхәаԥшхоит", — иҳәеит Сериков.

Аминистрцәа Реилазаараҟны ишьақәырӷәӷәоуп 2016 ш-тәи Аиндикативтә план

Аиндаҭлара алкаақәа рхыркәшара хымш ирхыгамзароуп, азыҳәақәа ишрыхәаԥшыз ала аԥкаанҵа анеиҿыркаа ашьҭахь. Аиндаҭлара алҵшәақәа ахәшьаратә ԥкаанҵеи азыҳәақәа реиҿырԥшреи рыла иеиҿкаахоит мышкы ахы-аҵыхәала.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Аԥсны анапхгара 2016 шықәса мшаԥымзанӡа, азеиԥштәылауаҩратә аҩныҵҟатә паспортқәа иҿыцу ахкала рыԥсахра рыгәҭакуп.

Апаспорт ахк ҿыц еиҳа иҳараку ахаҭабзиара амоуп. Ари адокументи изтәу ихаҭаратә дыррақәеи рыхьчара еиқәыршәахоит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа инарықәыршәаны, абри адокумент азы аус зыдулоу иуникалтәу аҟазшьарабагақәагьы абрахь иналаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0