Аԥсны иаатит арт-фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии"

© Sputnik Томас ТхайцукАрт-Фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии"
Арт-Фестиваль Эвкалиптовый ветер Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арт-фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии" Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак еиҿнакааит.

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҩаша, нанҳәа 4 рзы Аԥсны иаатит арт-фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии".

"Ԥшьышықәса раԥхьа Елена Мартынова иҳадылгалеит афестиваль амҩаԥгара аидеиа. Ҳара даара иаҳгәаԥхеит аидеиа, адгыларагьы аҳҭеит. Сынтәатәи афестиваль мҩаԥысуеит "Аҟәа — аҿар рыблала" захьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны", — ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилак азанааҭуаҩ Мариа Кәакәасқьырԥҳа.

Арт-фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии" мҩаԥысуеит ахырхарҭақәа ԥшьба аманы: аҿыханҵа, асахьаркыратә фото, аинсталлиациа, аскульптура.

"Афестиваль арҿиаратә ҟазшьа амоуп, иҵоуроуп. Аҭагылазаашьа маншәала аԥнаҵоит алахәылацәа дара-дара еинырырц азы. Ари афестиваль ицәырнагоит аҟазара змоу ауаа, иааигәаны иаҳнардыруеит амилаҭ культуреи аҟазареи", — ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.

Азанааҭуаҩ хада инаҵшьны иазгәалҭеит афестиваль атема аҵыхәтәанынӡа алахәылацәа рзы имаӡаны ишыҟаз. Сынтәатәи афестиваль атема — "Любимый предмет в Сухуме" алызхыз Архип Лабахәуа иоуп.

Афестиваль алахәыла Лиубов Черқьесиа илҳәоит: "Сара афестиваль ахырхарҭақәа ҩба — аҿыханҵеи апоезиеи схы рыласырхәуеит. Сара раԥхьаӡа акәны афестиваль схы аласырхәит, даараӡагьы исгәаԥхоит".

Аконкурсантцәа ажиури ирыдыргалоит мышкы аҩныҵҟала иҟарҵаз аусумҭақәа. Аусурақәа хыркәшахоит ахәылбыҽха, асааҭ 18.00 рзы.

"Сара иалысхит асахьаркыратә фото ахырхарҭа. Еснагьгьы бзиа избон афото аҭыхра, убри азы исыӡбеит аиндаҭлараҟны исылшои исылымшои ԥысшәарц", — ҳәа азгәеиҭеит афестиваль алахәыла Анатоли Качалов.

Арт-фестиваль "Эвкалиптовый ветер Абхазии" мҩаԥысуеижьҭеи абар уажәшьҭа ԥшьышықәсоуп. Нанҳәа 5, асааҭ 19.00 рзы Диоскураа рыԥшаҳәаҟны имҩаԥгахоит аиндаҭлара аусурақәа рӡыргара иара убасгьы еиҿкаахоит амастер-классқәеи аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара ацеремониеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0