Лиана Даӷәуз лыхәышәтәразы "Ашана" иахыҧхьаӡалоуп 200 000 мааҭ аҧара

© Sputnik Анжелика БенияКБФ "Ашана" и международный фонд "Апсны" подписали соглашение о партнерстве.
КБФ Ашана и международный фонд Апсны подписали соглашение о партнерстве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" аусзуцәа изларҳәо ала, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 40-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп ацхыраара зырҭахьоу аӡәырҩы, Аԥсны анҭыҵ ҽыхәышәтәра ицахьоу, аԥхьаҟагьы ицараны иҟоу.

Мышқәак раҧхьа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Џьевеира Колосовеи, аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны,  шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, афонд "Ашана" иахыҧхьаӡалахоит 800 000 мааҭ аҧара.

Давид Магариан хәыҷы ҳацхыраара иҭахуп

Афонд "Ашана" аусзуцәа изларҳәо ала, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 40-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә иҟоуп ацхыраара зырҭахьоу аӡәырҩы, Аԥсны анҭыҵ ҽыхәышәтәра ицахьоу, аԥхьаҟагьы ицараны иҟоу.

Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра анаҩс, афонд аиҳабы Сонер Гогәуа жәа-шықәса зхыҵуа  Лиана Даӷәуз лыхәышәтәразы "Ашана" иахыиҧхьаӡалеит 200 000 мааҭ аҧара.

Лиана Даӷәуз, раҧхьатәи аҽыхәышәтәра дахысхьан  Москватәи атехнологиатә медецинатә институт аҿы. Ахәыҷ лан Гәында Шьынқәырԥҳа лажәақәа рыла, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" абзоурала, дара ироуит аҭагылазаашьа даҽазнык аҽыхәышәтәразы Москваҟа ацара.

14-шықәса зхыҵуа Сариа Хасаиа ахәышәтәра лҭахуп

"Ҳара ҳгәы иаанагомызт ҳхәыҷы лыхәышәтәразы  ас иаарласны алшара ҳауеит ҳәа. Ҳҭаацәа зегьы рзы ари гәырӷьара духеит. Ҳара зынӡагьы иҳаздырӡомызт ари аҩыза афонд шеиҿкааз Аԥсны. Сонер Гогәуа зхадараҿы дыҟоу афонд аусзуцәа зегьы иаадырҧшыз агәыҳалалра азы,  ҭабуп ҳәа  раҳҳәоит. Москвантә ҳшыхынҳәлак, хаҭала ҳаҭаарц ҳҭахыуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусбарҭа. Ас еиҧш иҟоу ацхыраарақәа рацәахар, Аҧсны ахәыҷ чымазцәа рхыҧхьаӡара маҷхап", — ҳәа лгәаанагара ҳацеиҩылшеит Лиана хәыҷы лан Гәында.

Лиана дынхоит Очамчыра араион Мықә ақыҭан, 10 шықәса лхуҵуеит.

© Foto / Догәузиаа рҭаацәаратә архив аҟнытәЛиана Догәузиа
Лиана Догәузиа - Sputnik Аҧсны
Лиана Догәузиа
Ажәабжьқәа зегьы
0