Мераль Чаре: аԥсуа тәылауаҩшәҟәаҿы аубых ҳәа сахьану сгәы аладууп

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаМераль Чаре
Мераль Чаре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аубых милаҭ рхаҭарнак Мераль Чаре (Чазамыӷәа) Аԥсныҟа дааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуа Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа алахәхаразы.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2013 шықәсазы Аиааира 20 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааз Мераль Чаре (Чазамыӷәа) аԥсуа тәылауаҩшәҟәы лырҭеит, лмилаҭ "аубых" ҳәа ианҵаны, уи даараӡагьы лгәы аладууп.

Мераль Чаре ҩаԥхьа Аԥсны дааны дыҟоуп арҭ амшқәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысуа Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа алахәхаразы.

Мераль Чаре иӡхьоу аубых бызшәаҟны еилылкаауа ажәақәеи аҳәоуқәеи ыҟоуп.

"Сара акыр шықәса аус ицызуан Тауфик Есенч (Ефенди), уи аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи уаҩын, иҿысҵааз ыҟоуп. Афранцыз Ҵарауаҩ Диумезиль Ефенди диҭаауан, аубых бызшәа иазкны ашәҟәқәа рҭыжьразы диҿцәажәон, аус еицыруан", — лҳәеит уи.

Аубых милаҭ рхаҭарнак иҳалҳәеит, раԥхьаӡа акәны Адлертәи аҳаирбаӷәаза аҟны дызҭаз аҳаирплан антәа, акыр ишылнырыз.

Кавказ жәлар рмилаҭтә напҟазара ацәыргақәҵа Аҟәа иаатит

"Сџьынџь азааигәахара сныруа салагеит, сеилыԥсаауа сҟалеит, акыршықәса ҳазцәыӡыз ҳадгьыл аҽыснардыруа иалагеит, сгәы иалоуп урҭ аҭыԥқәа рахь сахьымнеиц, сгәы иҭоуп ацара", — азгәалҭеит лара.

Мераль Чаре агәыӷра аалырԥшит иӡхьоу аубых бызшәа аиҭашьақәыргылара, аԥсы аҭаҵара алшап ҳәа, абызшәа аҭҵаара иазку аҭҵаарадырратә усумҭақәа хархәара рзуны.

"Уи аҩыза алшара хымԥада иҟоуп, ари аус анагӡаразы иаҭаху апрограмма аԥҵара ауп. Ҭырқәтәыла инхо аубыхқәа рбызшәа аиҭеира гәыҵхас ирымоуп, сгәы иаанагоит аԥсы ҭалап ҳәа ҳабацәа рбызшәа", — лҳәеит Чаре.

Мераль Чаре далахәуп Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора раԥшьгарала иаԥцоу акультуреи аҵареи рфонд "Шамиль". Уи хықәкыс иамоуп Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә напҟазара аиқәырхара.

Мераль Чазамыӷәа
Мераль Чазамыӷәа - Sputnik Аҧсны
Мераль Чазамыӷәа
Ажәабжьқәа зегьы
0