Еркан Қәҭарба: аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аха иаҳзаанагаз акыр еиҳауп

© Sputnik Томас ТхайцукЭркан Кутарба, ветеран войны
Эркан Кутарба, ветеран войны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Ҭырқәтәылатәи ҳаицтәылауаҩ Еркан Қәҭарба иеибашьратә мҩа ҳзеиҭеиҳәеит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Еркан Қәҭарба диит Ҭырқәтәыла, ақалақь Диузџье аҟны. Уи аибашьра ҟалаанӡа Аԥсныҟа иаахьаз дреиуоуп. 1991 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭаларазы Ҭырқәтәылантәи иааз агәыԥ дрылан. Аибашьра алагаанӡа Еркан Қәҭарба аҵара иҵон Ҭырқәтәыла, 1989 шықәсазы Аԥсны иҟалаз ахҭысқәа аниба, рыӡбахә аниаҳа иԥсадгьыл ахь аара ихы иҭеикит.

"Аҵара исҵоз ааныжьны, алшара аныҟала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сҭалеит. Избанзар, убри аҩыза ҭагылазаашьак уақәымшәакәа аарагьы уадаҩын. Сара Диузџье ақалақь сынхон Ҭырқәтәыла, аха сыԥсадгьыл ашҟа аара сгәы иҭан еснагь", — иҳәоит Қәҭарба.

Аԥхынтәи аԥсшьара ҳәа Ҭырқәтәыла дшыҟаз Қәҭарба иаҳаит Аԥсны аибашьра ишалагаз.

"Уаанӡагьы агәҽанызаарақәа ҳаман, аҭагылазаашьа иунарбон ақырҭқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иҽеиу акахьы ҳашкылрымгоз. Аибашьра шалагаз анҳаҳа, иаразнак аҽеидкылара ҳалагеит. Ҳаԥсадгьыл амца анакы ҳазегь ҳҽеибыҭаны излаҳалшоз ала, аҭагылазаашьа ҳҽалаҳагӡар акәын, иҟалаз ахҭыс ҳахьӡар акәын", — игәалаиршәоит Қәҭарба.

Марттәи ажәылараҿ иҭахаз ргәаларшәара Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны имҩаԥысит

Еркан Қәҭарба аибашьра дахьӡеит Гагра ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь. Қәҭарба иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иоужьра иҭаацәа шырҭахымызгьы иақәшаҳаҭхеит.

"Ианаамҭаз сзахьымӡеит, уи иахьагьы сгәы иалоуп. Ҳаирпланла Шәача ҳантәа ашьҭахь, автобус ҳанҭала, гәаныла исҳәеит сагханы сахьааз сҩызцәа рҿаԥхьа сызлацәырҵуеи ҳәа. Аибашьра ианалагаҵәҟьа узымааи ҳәа сазҳәоз аӡәгьы дҟаломызт, аха сҩызцәа срыдыркылару сахьагхаз ҳәа схәыцуан Аҟәа ҳаанӡа", – иҳәеит Қәҭарба.

Аибашьҩы иажәақәа рыла, уи иԥсадгьыл дахәартә аибашьра еилгаанӡа аара ахьилшаз даараӡа игәы аладууп, уи излаиԥхьаӡо ала, ари аҩыза ахҭыс аныҟало, саԥсыуоуп ҳәа зхы-згәы иҭоу, аԥсуара зшьа иалоу ауаҩы ианаамҭоу ижәлар дрыхәар иҭаххоит. "Аԥсныҟа ҳанаа аибашьра ашҟа ицоз агәыԥ ҳалалеит. Аибашьра адәахьы анеиразы аҽазыҟаҵара хахымсӡеит, сара хаҭала арра ахысрагьы сахьымӡацызт Ҭырқәтәыла сахьыҟаз, аҵара сахьҭаз амшала. Кавказ ахылҵшьҭра ахаҵа захьӡу, дадыга, дчечен, дазусҭазаалакгьы абџьар дазааигәоуп, уи ишьа иалоуп азы аидгылара ҳалшеит", – азгәеиҭеит аибашьҩы.

Иҭыхым аибашьцәа - Sputnik Аҧсны
Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" Аиааира амш иадҳәалахоит

Еркан Қәҭарба аибашьра дшазыҟаҵамызгьы иҩызцәа данрылала, иаразнак игәы шьҭызхыз аҭагылазаашьақәа дрықәшәеит, усҟан иара 22-23 шықәса ихыҵуан. Еркан Қәҭарба Ешыратәи ахырхарҭа, Шрома, Аҟәа акәша-мыкәша деибашьуан.

"Ҳәарада, аибашьра иаҳцәагаз маҷым, аҷкәынцәа рацәаҩны иҭахеит, аха уи иаҳзаанагаз убриаҟара ирацәахеит, аҩыза дазусҭаз ҳнарбеит, аӷа дазусҭаз ҳнарбеит, аидгылашьа ҳнарҵеит.

Убри иахьа ҳаҭыр ду ақәҳҵараны ҳаҟоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Иахьа уи маҷк ҳацәхьаҵшәа ҳаҟазаргьы, убри аидгылара еиҭа иҳазцәыргар еибашьра ҟамлакәа, акыр сгәы азыҳәоит", — иҳәеит уи.

Аибашьра ахатәы ԥҟарақәа рыла ицон, ацәыӡқәеи ахьааи, агәырҩеи агмызт, аха иҟалалон аамҭақәак Еркан Қәҭарба иҩызцәеи иареи рыԥсы еиҭаркырц рыҩнқәа рышҟа ианыршьҭуаз. Убас, Еркан игәыԥ иааныркылоз ахырӷәӷәарҭақәа рҟны изыԥсахуаз аннеи, дара Гәдоуҭаҟа ирышьҭуеит, убраҟа ауп асахьаҭыхҩы Руслан Габлиеи Еркан Қәҭарбеи ахьеиқәшәаз.

"Руслан Габлиа аибашьраҿы ссахьа ахьҭихыз машәырны иҟалазар акәхап, избанзар, зсахьа ҭырхуа иҭеиҭԥш змоу срыдукылартә сыҟам, аха ус игәаԥхеит. Ишысгәалашәо ала, Ешырантәи ҳгьежьит усҟан, адырҩаҽны ҳаԥсы ҳшьон Гәдоуҭа. Апресс-центр аԥхьа ҳшеидгылаз, ҩыџьа-хҩык аҷкәынцәа дааҳаԥхьан, ҳааиртәан, аттаҳәа ҳсахьақәа ҭихит", — иҳәеит Қәҭарба дааԥышәырччан.

Аибашьҩы игәалаиршәеит Руслан Габлиа уи исахьа минуҭқәак рыла ишҭихыз.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

"Уи икарандашь аацәыриган, ҳсахьақәа ааҭихит. Сара иҵәахны исымоуп Руслан Габлиа иҭихыз асахьа, лассы-лассгьы сахәаԥшлоит, аибашьра иазку асахьақәа сымоуп, уигьы уахь ирылоуп, ҳаҭыр ду сзақәуп. Сара сагьҟазауаҩым, ахәшьарагьы асҭом, аха аибашьра ҳацәыхараны, аԥсҭазаара бзиа змоу ауаа рсахьа сыҭаны, сшыҟамыз ала саниҵазшәа збоит. Уи ахьаақәа, арыцҳарақәа адубалаӡом, даҽа аамҭа бзиак ҳақәыршәаны ҳҭихит, санахәаԥшуа – даҽа ԥсҭазаарак снарбошәа сгәы ҟанаҵоит", – азгәеиҭеит уи.

Аибашьра аилашра иаҿын, ҳаибашьцәа аҵыхәтәантәи ажәылара рҽазыҟарҵон. Убри аан Еркан Қәҭарба ахәра иоуеит, уи иахҟьаны Аиааира амш ахәшәтәырҭаҿы даԥылеит. Қәҭарба игәыԥ адҵа зларымаз ала, Шрома илыбааны Аҟәа ашьхара згаз Нхыҵ-Кавказтәи аибашьцәа ирыцхраар акәын. "Ҳахьхалаз, жәаҩык раҟара агәыԥ аабеит, ацхырааразы иаҳԥылараны иҟаз абатальон уаҟа иҟамызт. Рыцҳарас иҟоу аибашьра аамҭазы, аинформациа ҭымҵаакәа аибашьцәа ԥхьаҟа рышьҭра ауп. Ҳахьнеиз аӷа ҳимҵаҳаит, уи уаҟа иҽырӷәӷәаны дыҟазаарын, хәыҷла-дула иаарԥыхьашәаз зегь анаҳгәыдырҵа еиҳабыс иҳацыз Ҭырқәтәылатәи аҷкәын дырхәит, анаҩс даҽаӡә дырхәит, уи дсызкамыжьит", — игәалашәеит аибашьҩы.

© Руслан ГаблияЭркан Кутарба, портрет Руслана Габлия
Эркан Кутарба, портрет Руслана Габлия - Sputnik Аҧсны
Эркан Кутарба, портрет Руслана Габлия

Еркан Қәҭарба ақәыцра даваланы ихәыз иааигәа днеит, аха дицхраартә аҭагылазаашьа имамызт, избанзар ақырҭуа снаипер ахысра даҿын. "Убра уԥсызшәа уҽкажь, хәыҷык иааҭышәынтәалар уҭызгоит ҳәа иасҳәеит. Сшыԥшыз, ибжьы саҳаит Баҳадыр Абаӷба рыцҳа. Уи ахәы дахьҭажьыз даниба, дҭаҳгап ҳәа сеиҳәеит, аха аснаипер ахысра дааҟәымҵкәа даҿын, маҷк иааихсыӷьыр дҭаҳгап, уажәы дыԥсызшәа иҽкажьны дыҟоуп ҳәа иасҳәеит", — иҳәеит Қәҭарба. Аха Баҳадыр аӷа деихар ишәарҭахоит аниҳәа, ирыӡбеит ахәы дрыманы ажра рыҽҭарыжьуеит ҳәа, аха аӷа, аснипер ала ахысра далагеит, уи анаҩсангьы БМП ала дхысит.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

"Ҳавара икаҳаз абомба сара исаахеит, са санканажь ашьҭахь, аҩбатәи Баҳадыр иқәшәеит. Минуҭқәак рышьҭахь ҳабжьқәа ҳарго ҳалагеит, шәааи ҳахәны ҳкажьуп, ҳҭыжәга ҳәа, аха ҳабжьы заҳауаз ааигәа уаҩ дыҟамызт. Ҳабжьы раҳаӡом, абни ахықә аҟынӡа сҳәазаны снеины ҿысҭып иҳәан ддәықәлеит Баҳадыр. Убрахь дышнеиуаз исыԥхьаӡеит фынтә ахы иаахеит. Убра иоуз ахәрақәа роуп иара рыцҳа дызгазгьы", — игәалашәеит аибашьҩы.

Аибашьра ашьҭахь Еркан Қәҭарба Аԥсны даангылоит нхара. Аиааира ашьҭахь аҳәынҭқарра ашьақәыргылара аҭахын, Еркан Қәҭарба аамҭак азы аҳәынҭқарра ахада иадминистрациа аҿы аус иуан, анаҩс, абар уажәшьҭа 17-18 шықәса арепатриациазы аилак аҟны аус иуеит, Аԥсны анҭыҵ инхо рыԥсадгьыл ашҟа рыргьежьра аус инапы алакуп.

Еркан Қәҭарба аибашьра ашьҭахь аҭаацәара далалеит, ҩыџьа ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0