Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Гәлиа иҩны-амузеи аҟны иазгәарҭеит

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаВладислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Гәлиа иҩны-амузеи аҟны иазгәарҭеит
Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Гәлиа иҩны-амузеи аҟны иазгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәылҧаз иалахәын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ранацәа рхеилак ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәлар.

АҞӘА, жьҭара 5 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵреи Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны Аиааира 22 шықәса ахыҵреи азгәарҭеит Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аҟны ашәахьа, жьҭаара 5 рзы.

Ахәылҧаз иалахәын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ранацәа рхеилак ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәлар.

"Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Дырмит Гәлиа имузеи аҟны амҩаҧгара иҷыдоу аҵакы амоуп, избанзар, Дырмит Гәлиа ижәлар рыхьчара, ҵарадыраала ҧхьаҟа ргара хықәкыс иман, Владислав Арӡынба иҧсҭазаара ҵакыс иамаз иуажәлар реиқәырхара, рыҿиара ауп, убри аҟнытә, ахәылҧаз араҟа амҩаҧгара асимволтә ҵакы амоуп", — лҳәеит амузеи ахада Свелана Корсаиаҧҳа.

Ахәылҧаз аҿы иқәгылоз иазгәарҭеит Владислав Арӡынба Аҧсны аҭоурых аҿы ихаҭара акыр ишдуу, иара убас, Дырмит Гәлиа имузеи аҧсуа жәлар рдоуҳатә мал аиқәырхараҿы еснагь аҵак ду шамаз. Иара убас, апоет иажәеинраалақәа ҿырҳәала ирыҧхьон, иргәаладыршәон амузеи иадҳәалоу ахҭысқәа. Аветеранцәа аибашьра ахҭысқәа хәыцрала иазыгьежьуеит.

Владислав Арӡынба , Аԥсны раԥхьатәи ахада - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҿар Владислав Арӡынба идҳәалоу ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит

"Ауаҩы иҧсҭазаара ижәлар ирыхҭниҵарц азы, урҭ инагӡаны рыгәра игозар ауп. Ҳазегь иаадыруеит, аибашьра анцоз даарапату зқәаҳҵо ауаа, иҟашәҵо закәи, абџьар шьҭашәҵа зҳәоз, аха Владислав идоуҳа ҳаиқәнархеит. Сара гәыбӷан рысҭаӡом ишәаз ауаа, избанзар ҳажәлар ақырҭқәа иқәырхыр ҳәа ишәон", — лҳәеит Аҧсны Афырхаҵа Ҭали Џьапуаҧҳа.

Аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭаҿ аҵара зҵо ахәыҷқәа еизаз рҿаҧхьа аҿарпыни аҧхьарцеи рыла амелодиақәеи ашәақәеи нарыгӡеит.

Цәыббыра 30, 1993 шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын, аӷа имч мырхакәа аҳәаа дахцаны дкацан. Аибашьраҿы Аԥсны аганахь ала иҭахеит 3,5 нызқьҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра, хә-нызқьҩык ахәрақәа роуит, ҩышәҩык хабарда ибжьаӡит.

© Sputnik Леон ГәниаВладислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа
Владислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0