Ақалақьтә шәахтә усбарҭа аиҳабы Матуа иус аганахьала иҿахәы иҳәеит

© Sputnik Роберт ДжопуаСудебное заседание. Вадим Матуа
Судебное заседание. Вадим Матуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аҽазныкгьы иахәаԥшит ЗҲәА "Аладатәи аргыларатә еилахәыра" адиректор хада Вадим Матуеи аҳасабеилыргаҩ хада Ҭимур Оҭырбеи ашәахтәқәа ахьырымшәоз иадҳәалоу ашьаус. Аилатәараан иазыӡырҩын Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Аҟәа ақалақь аҟны аинспекциа аиҳабы Баҭал Ӡаԥшьба иҿахәы.

АҞӘА, жьҭаара 28, Sputnik, Роберт Џьапуа.Ахаша, жьҭаара 28 рзы  Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аҽазныкгьы иахәаԥшит ЗҲәА «Аладатәи аргыларатә еилахәыра» адиректор хада Вадим Матуеи аҳасабеилыргаҩ хада Ҭимур Оҭырбеи  ашәахтәқәа ахьырымшәоз  иадҳәалоу ашьаус. Аилатәараан иазыӡырҩын  Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Аҟәа ақалақь аҟны  аинспекциа аиҳабы Баҭал Ӡаԥшьба иҿахәы. иара уаанӡа ииҭаз еиҭашьақәирӷәӷәеит.

Вадим Матуа иганахьала ашьаус ахыртра ахьынӡаиашоу еиҭахәаԥшраны иҟоуп

"2014 шықәса рзы ашәахтә инспекциа аусзуҩцәа рылшарала имҩаԥган ЗҲәА "Аладатәи аргыларатә еилахәыра" адокументқәа ргәаҭара.  Агәаҭарақәа ирылҵшәаны иаарԥшын 32 миллиони 44 нызқь мааҭи абиуџьет ахь инашьҭтәыз", — иҳәеит Ӡаԥшьба.

Аҳҭнықалақьтә шәахтә инспекциа аиҳабы иара убасгьы иҳәеит Аҟәа ақалақь анаплакқәа зегьы ргәаҭара  аграфик ашықәс алагамҭазы ишышьақәдырӷәӷәо, убри ашьҭахь  уи аԥкаанҵа аздырхиот, анапы аҵарыҩуеит ҳәа. 

Аҳасабеилыргаҩ хада Ҭимур Оҭырба, абри аус аганахь ала ахара зыдҵоу, Ӡиаԥшьба диазҵааит уаанӡатәи аԥшьышықәса рзы ашәахтә гәаҭарақәа зымҩаԥышәымгози ҳәа.

Вамим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп - Sputnik Аҧсны
Вадим Матуа иҭакра ҩажәамшынӡа иагырхоуп

"Аргыларақәа цон, зегь аҵыхәанӡа ихыркәшамызт» ҳәа аҭак ҟаиҵеит Баҭал Ӡаԥшьба.

Ашаҳаҭҩы ианиазҵаауаз Матуа аргыларатә еилахәыра гәазҭоз ашәахтә инспекторцәа уаанӡатәи аилатәараҟынтәи ражәа ҿырԥшыс иааигеит – аилахәыра дуқәа есышықәса ргәаҭара еиҳа иманшәалоуп, аматериалқәа рҽеизырымгаларц азы ҳәа.

"Иубартә иҟоуп аӡбаҩцәа шеилажәго" — иҳәеит Матуа.

Аӡбара апроцесс изаамҭанытәиу етапны иҟалоит  Вадим Матуеи Ҭимур Оҭырбеи рҿахәы рҿыхра. Ушьҭантәи аилатәара азыԥхьагәаҭоуп 2015 шықәса абҵара 2 рзы.

Аԥсны апрокуратура хада аргыларатә компаниа адиректор Вадим Матуеи акомпаниа аҳасабеилыргаҩы Ҭемыр Оҭырбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә Закәанеидкыла астатиа 193 аҩбатәи ахәҭа, апункт "Б" аналогқәа  ршәара ацәхьаҵра азы ахара рыднаҵеит: апроект-сметатә документациа аиқәыршәараани атәымтәылатә иурист хаҿқәа рхашәала ашәахтә ахымхреи рзы. Иазыԥхьаӡоуп зус рыӡбуа рутәқәа ирыхҟьаны ареспублика абиуџьет ахь инармышьҭит ҳәа 3,5 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара.

2015 шықәса рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аӡбарҭа матуа абарҭ аепизодқәа рыҩбагь рыла дариашеит. Оҭырба ахара идҵоуп ҳәа ишьоуп Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә Закәанеидкыла астатиа 194  инақәыршәаны. Оҭырба хараԥсаны ашәара идырҵеит штрафк аҳасабала 50 нызқь мааҭ.

Аҳәынҭқарратә харадҵара ақәшаҳаҭымхеит  аҳҭнықалақь аӡбарҭа аӡбара, акассациатә коллегиахьгьы аус нанашьҭит. Адукат Фрида Лазԥҳа акассациатә зыҳәа налышьҭит аӡбарҭа иаднакылаз аӡбра аганахьала.

2015 шықәса ԥхынгәы 28 рзы ашьаусқәа рганахьала Акассациатә коллегиа, Зураб Џьинџьолиа хантәаҩра ззиуаз ишьақәнаргылеит  Вадим Матуеи Ҭимур Оҭырбеи ашәахтәқәа ахьырымшәоз ҳәа ицо аусӡбара иҿыцны иҭырҵаарц азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0