Абҵара 6-8 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аҿар рфорум "Аԥсны-2015"

© Sputnik Илона ХварцкияАлиас Аҩӡба
Алиас Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афорум иалнаршоит Аԥсни Урыстәылеи егьырҭ Урыстәыла иадгыло аҳәынҭқаррақәеи рҿартә политика апроблемақәа рылацәажәареи аицуснагӡатәқәа разыԥхьагәаҭареи ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

АҞӘА, абҵара 2, Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҿар рфорум "Аԥсны-2015" азырхоуп жәларбжьаратәи аҿар русеицура ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Алиас Аҩӡба.

Аԥсны иагәҭакуп арегион аҟны аҿар  жәларбжьаратәи рфорумқәа рымҩаԥгара ҭыԥны аҟалара ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

"Ауснагӡатә аҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥысраны иҟоуп. Иахьатәи аамҭазы уи еиԥшу ҿартә уснагӡатә Аԥсны иҟамлацт. Ҳара ҳарзыԥшуп еиуеиԥшым ареспубликақәа руаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аҿартә политика аганахьала аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа. Ҳара иаҳҭахуп аԥышәа аимдара, 2016 шықәсазы иҟаҳҵаша аусқәа рзы апланқәа рышьақәыргылара", — иҳәеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп аҿартә политика аганахьала еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра, хаҭала Даӷьысҭантәи Ареспублика, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ингәыштәыла, Ҟарачы-Черқьесск, Чечентәыла.

"Арҭ ауснагӡатәқәа ҳаизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳаракы рыҭараҟны раԥхьатәи шьаҿақәоуп. Ҳара иаҳҭахны ҳаҟоуп афорумқәеи асеминарқәеи рымҩаԥгара. Иазыԥхьагәаҭоу аусутәқәа, агәра згоит, алҵшәа бзиақәа шҳарҭауа", — иҳәеит Аҩӡба.

Иара иациҵеит афорум "Аԥсны-2015" аҳәааақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны ишыҟоу астол гьежьқәа хәба. Уаҟа аделегатцәа рылацәажәараны иҟоуп аҿартә инициатива азҵаарақәа, аҿар рыгәҭа аекстремизм азыԥхьагәаҭара азҵаарақәа, агрантә программақәеи аҳәынҭқарратә ҿартә политика анорматив-зинтә шьаҭа аиӷьтәра азҵаарақәеи. Урҭ рыдагьы Аҟәатәи афорум апрограмма иалоуп амастер-классқәеи Аԥсны  аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа рҭаара ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иара иажәақәа рыла уаанӡатәи ашықәсқәа рзы ачынуаа  русеицура ахьеиҿкаамыз иахҟьаны иҟарҵоз алҵшәақәа маҷуп.

"Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоуп аҿар ахаарԥшразы алшарақәа рыҭара. Макьаназы аҿар зегьы реидкылара ҳзалыршом. Аҿар рфорум амҩаԥгара иалнаршоит  Аԥсни, Урыстәылеи Урыстәыла иадгыло аҳәынҭқаррақәеи рҟны иҟоу аҿартә политика апроблемақәа иныҭкааны рылацәажәара иара убасгьы аицусурақәа разыԥхьагәаҭара", — иҳәеит Аҩӡба.

Афорум иалахәхараны иҟоуп 130-ҩык. Арахь иаауеит ЛЖәР (ЛНР), Приднестровие, Ҟрым, Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа, Аахыҵ Уаԥстәылантәи аделегатцәа.

"Аахыҵ Уаԥстәылантәи ҳара ҳаизыԥшуп Аҿартә политиказы Аилак ахада Сергеи Зассеев, ауаажәларратә еиҿкаара «ЦВЭТ» ахаҭарнакцәа. Аҵыхәтәантәи ҩба-хԥа шықәса иаагәоуҭартә имаҷхеит Аахыҵ Уаԥстәылеи ҳареи ҳаимадара, аҿартә политика апрограммақәа рганахьала. Уажәы хықәкны иҳамоуп ибжьаҳажьыз ахарҭәаара", — иҳәеит Аҩӡба.

Жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Аԥсны-2015" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, абҵара 6-8 рзы. Афорум еиҿнакаауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә Еилакы.


Ажәабжьқәа зегьы
0