Ҭыжәба: Ермантәыла аҽазныкгьы Қырҭтәыла аҳәахьа иацныҟәеит

© Фото : предоставлено Ираклием ТужбаАԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Иракли Ҭыжәба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Иракли Ҭыжәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы Қырҭтәыла иаҳәо иацныҟәеит, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Иракли Ҭыжәба

АҞӘА, ажьырныҳәа 28, Sputnik. Нижегородтәи ашьапылампылтә клуб "Волгеи" еревантәи аклуб "Арарати" рыбжьара имҩаԥысраны иҟаз аиҩызаратә матч аҟәыхра зегьы ргәы днархьит, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә ҟәша аиҳабы Ираклии Ҭыжәба.

"Угәы унархьуеит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы Аԥсны аҭахкаараз зҽызшәо Қырҭтәыла иаҳәо иахьацныҟәаз. Ҳара ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит Қырҭтәыла иҟанаҵаз ақәыӷәӷәарала Ермантәыла аԥсуа спортсменцәа 2015 шықәса рзы аиндаҭлара ишалырхыз", ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала Ермантәыла анапхгара иҟарҵо иуҩызам, иуаӷо ихымҩаԥгароуп иаҵанакуа. Абри аан дара азхьаԥшуам ажәытәӡаахыстәи ҳаизыҟазаашьа бзиақәа, Аԥсны ишынхо аерман диаспора ду.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит иара убри аан Аԥсни Ашьха Ҟарабахи аимадара шьахәқәа рыманы ишыҟоу.

"Агәра аагар ҳҭахыуп Ермантәыла анапхгара рхымҩаԥгашьа еиҭаркып ҳәа", — иҳәеит Ҭыжәба.

Нижегородтәи ашьапылампылтә клуб "Волгеи" еревантәи аклуб "Арарати" рыбжьара аиҩызаратә матч мҩаԥысраны иҟан ажьырныҳәа 27 рзы Аҟәа, аха Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы Аԥсны аҭахкаараз зҽызшәо Қырҭтәыла иаҳәо иацныҟәаны аспортсменцәа арахь раара ааннакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0