Арӡынба: "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы" азакәан иаразнак хра аиуам

© Sputnik Томас ТхайцукАдгәыр Арӡынба.
Адгәыр Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр иаҳзеиҭеиҳәеит атәыла Ахада 2015 шықәса рзы инапы зҵеиҩыз "Аекономикатә зона ҷыдақәа рзы" Азакәан иацу аҭагылазаашьақәа ртәы.

АҞӘА, жәабран 3 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны аус зуа ашәахтәтәи аҳазалхратәи закәанԥҵара рацәак қәыӷәӷәара ҟанаҵом, иара убасгьы аекономикатә зона ҷыдақәа ррежим ахҭылҵқәа ишазыԥшу еиԥш иаарласны хра аманы иҟалом, ҳәа азиԥхьаӡоит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Асеиԥш иҟоу аекономикатә мыругақәа ҿыцым. Урҭ ахархәара рымоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟынеиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынгьы. Иаҳҳәап урҭ аус руеит Калугатәи аобласт, Ареспублика Ҭаҭарсҭан убас егьырҭ атәылақәа рҟынгьы", ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иара иҳаиҳәеит иҷыдоу аекономикатә зонақәа иррезидент хадақәаны ишыҟоу атрансмилаҭтә корпорациақәа "Нестле", "Самсунг", "Дженерал електрик" уҳәа ирацәаны. Аминистр иажәақәа рыла дара арҭ азонақәа рҟны рҽеизыргоит аҩныҵҟатәи аџьармыкьаҟны ахархәара роурц, нас – Евразиатәи аидгыла аџьармыкьақәа рахь ииасырц ҳәа.

Адгәыр Арӡынба: урыстәылатәи аинвестициақәа рзы Аԥсны иреиӷьу тәылоуп

"Урыстәыла арҭ аилакқәа аҵыхәанӡа аусура рылшозар, ҳара ҳџьармыкьаҟны жәларбжьаратәи аилак дуқәа аполитикатә ҟазшьа змоу ашәарҭарақәа рымоуп. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхамҵароуп. Даргьы уи иааннакылоит", — иҳәеит Арӡынба.

Уи адагьы аԥышәа ишаҳнарбаз ала атәыла аинвестициатә дыԥхьалара ашәахтәқәа рыла ашьақәыргылара уадаҩуп ҳәа иазиԥхьаӡоит иара.

"Иҟоуп абри атәы зҳәо ацифрақәа. Иаҳҳәап 2014 шықәсанӡа аус зуаз 1992 шықәсазтәи атәымтәылатә инвестициақәа рзы азакәан. 22 шықәса рыҩныҵҟа иара рхы иадырхәеит 30 иреиҳамкәа еилакы, акыр алибералра шалазгьы", — иҳәеит Арӡынба.

"Аӡәгьы изы имаӡам аинвесторцәа рзинқәа рыхьчараҿы ҳалшарақәа шырацәам. Уи апроблема Урыстәылагьы иҟоуп. Иахьазы асеиԥш иҟоу азакәан ҵыхәаԥҵәарада алҵшәа аанашьҭып ҳәа азыԥшра иашам", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аекономикатә зона ҷыда аус аурц азы иара иақәшәо аинфраструктура шаԥҵатәу.

Уи инацҵаны Арӡынба иазгәеиҭеит иҷыдоу аекономикатә зона аҵакырадгьылгьы алкаан ишыҟам.

"Иара алкааразы уахь имаҷымкәа аԥара азынашьҭтәуп. Иҟоуп аидеиа – асеиԥш иҟоу азонақәа ареспублика амрагыларахьтәи ахәҭаҿы иҟаҵатәуп ҳәа. Уи иашоуп, избанзар уи ахәҭа аҿиара акыр еиҵаханы иҟоуп", — иҳәеит Арӡынба.

Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы аҳәынҭқарра иҷыдоу аекономикатә зона аҿиаразы иаланагало афинансқәа шамам.

Ажәабжьқәа зегьы
0