Гагратәи аӡеизакырҭа еиҭашьақәыргылоуп

© Фото : МЧС РААӡхыҵра.
Аӡхыҵра. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ргыларатә фирма "Гаграстроигранит" адиректор Нодар Хәарцкьиа иаҳзеиҭеиҳәеит гагратәи аӡеизакырҭа аиҭашьақәыргылара ишақәхарџьу ԥшь-миллион мааҭ аԥара.

АҞӘА, хәажәкыра 9 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Ҵыԥх иԥжәаз гагратәи аӡеизакырҭа еиҭашьақәыргылоуп, иҳәеит Аҳәынҭқарратә ргыларатә фирма "Гаграстроигранит" адиректор Нодар Хәарцкьиа

Хәарцкьиа иажәақәа рыла гагратәи аӡыканал аӡеизакырҭа ахыбра арыцқьараны иҟоуп. Уа анышә ықәгатәуп.

"Ҳара ишьаз аҭӡы еиҭашьақәҳаргылеит, асметаҟны ишарбамызгьы аӡеизакырҭахь уназго амҩақәа ҟаҳҵеит", — иҳәеит Хәарцкьиа.

Иара иазгәеиҭеит иазыԥхьагәаҭаз аусурақәа рҟынтәи хәыԥса ҳасабла ишыршәахьо миллионки фышә-нызқьмааҭ аԥара.

"Ҳара ҳусурақәа хыркәшоуп, аԥара ыҟам. Аныҳәақәа рышьҭахь ишәаҳҭоит рҳәеит", — иҳәеит адиректор.

2015 шықәса жьҭаарамзазы гагратәи аӡеизакырҭа аҭыӡқәа руак ԥжәан, ақалақь аӡы аҵалеит. Аӡеизакырҭа Аԥсҳа Леон имҩаду алагарҭаҟны ишьақәыргылоуп, ашьхара иахьаԥну.

Ажәабжьқәа зегьы
0