Ешба: ацитрусқәа еиҭашьақәыргылатәуп

© Sputnik Томас ТхайцукАмандаринқәа.
Амандаринқәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Ҭимур Ешба иаҳзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ацитрусқәа рҭагылазаашьа, урҭ рырҿиаразы аминстрра агәҭакқәа ртәы.

АҞӘА, хәажәкыра 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Ҭимур Ешба иаҳзеиҭеиҳәеит ареспубликаҟны ацитрусқәа рҭагылазаашьа, урҭ рырҿиаразы аминстрра агәҭакқәа ртәы. Иара иазгәеиҭеит ацитрустә нхамҩа аиҭашьақәыргылара шаҭахыу, аҿыцшьаҭақәа реиҭаҳара шаҭахыу.

Аминистр иазиԥхьаӡоит ацитрустә нхамҩақәа арендла изгази аминистрреи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ҵак рыман иҟам ҳәа. Уаанӡатәи аминистрра анапхгара ирыгәҭакын урҭ аиқәшаҳаҭрақәа аиҭарыхәаԥшра.

"Аиқәшаҳаҭрақәа аиҭарыхәаԥшра иунаҭои, нхамҩақәак рыда егьырҭ ҽаҩра ҳәа акгьы аармышьҭуазар. Аҽа арендаторцәак ҳаԥшааргьы изҭахыда ихәарҭам анхамҩа агара. Ацитрустә нхамҩақәа реиҭашьақәыргыларазы аԥара рацәа аҭахыуп", — иҳәеит Ешба.

Иара иазгәеиҭеит аибашьра ашьҭахь арендаторцәа реиҳараҩык иахәҭан иҟаз аусурақәа мҩаԥыргомызт ҳәа.

Амандарин аҟәшәара Аԥсны. - Sputnik Аҧсны
Хлопонин: ҭырқәтәылатәи амандаринақәа аԥснытәиқәа ирыԥсахыр ауеит

"Аҽаҩра аизгарада аҽак ааҟармҵеит. Иҟан шықәсык ахь знык изхәышәтәуаз, аха уигьы азхо иҟам. Аусура мҽхакы ҭбаала иаҭахны иҟан, аха акгьы ҟаҵамызт", — иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит аминистрра ишазыԥхьагәанаҭо ацитрустә плантациақәа реиҭашьақәыргылара.

"Гәдоуҭа араион ацхыраара аҳҭеит, х-нызқь шьаҭа еиҭарҳаит. Еилкаауп ари шмаҷу, аха маҷ-маҷ еиҭашьақәҳаргылашт", — ациҵеит Ешба.

Иахьазы ацитрустә нхамҩақәа рхышәа-ҵышәа иартәоит 1200 гектар.

Ажәабжьқәа зегьы
0