Гогәуа: ахәыҷқәа рхәыҷтәы дунеи арлашара ҳҽазаҳшәоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаЗылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп.
Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара аҭоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 11 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ауаажәлааратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны" аспонсорцәа ируаку анаплакы "Бета-Медикал", Виолетта Гагәылиаԥҳа напхгара зылҭо, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аинвалидцәа рзы ахәыҷтәы центр 330 цыра аортопедиатә хчқәа ҳамҭас ианаҭеит. Ари аҩыза агәыҳалалратә еиҿкаара ахы иаднаҵеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны".

"Згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа, излаҳалшо ала ацхыраара рыҭара еснагь ҳадгылоуп. Аринахысгьы хылаԥшрада иаанҳажьуам, афонд ахьӡала, аматериалтәи афинанстә цхыраареи раҳҭалоит. Рхәыҷтәы дунеи арлашара ҳҽазаҳшәоит", — иҳәеит афонд ахада Сонер Гогәуа.

Виолетта Гагәылиаԥҳа, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд ахаҭарнакцәа ас еиԥш еиҿыркааз ацхырааразы. 

"Имаҷҩым иахьа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Иҟоуп ҳара ҳцентр ахь иаартә еиԥш аҭагылазаашьа змақәамгьы. Убри аҟынтә, иаҳзаажәгаз аҳамҭақәа раионцыԥхьаӡа ирзаҳшоит", — лҳәеит ацентр адиректор Виолетта Гагәылиаԥҳа.

© Foto / Сырма Ашәԥҳа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара азыҟанаҵеит
 Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара азыҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара азыҟанаҵеит

Аиԥылараҟны иазгәаҭан ареабилитациатә центри "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи" аԥхьаҟа аусеицуразы аиқәышаҳаҭра шрыбжьарҵо. 


Ажәабжьқәа зегьы
0