Ҳаџьымба: азакәан аус амур ҟалаӡом

© Sputnik Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба.
Рауль Ҳаџьымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба азинхьчаратә органқәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәараҟны ахҳәаақәа азун атәылаҟны иҟоу аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа.

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба азинхьчаратә органқәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәараҟны ахҳәаақәа азун атәылаҟны иҟоу аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

Иара иҳәеит Драндатәи абахҭаҟны аҭыԥ змаз ақәгыларақәа иҭакыз руацәа активла иадгылаҩын, амилициа русура иаԥырхаган ҳәа.

"Абри аҩызазы аҽа тәылак аҟны урҭ ирыхәҭоу иақәдыршәон. Аха ҳара ҳрацәаҩым, зегь ҳаибадыруеит, ҳаиуацәоуп ма ҳаиҩызцәоуп. Убри азы ҳҽазаҳшәоит ауаа имырӷыӷккәа рацәажәара, иҟоу деилыркаара. Аха џьоукы-џьоукы уи ҳара иҳаԥсыҽраны ирбоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит ААР(МВД) аҿаԥхьа СИЗО "Дранда" уаанӡатәи аиҳабы идгылаҩцәа рмитинг азинхьчаратә система адагьы аҳәынҭқаррагьы иаҿагылароуп ҳәа.

"Асеиԥш ԥхьаҟагьы ахымҩаԥгара ҳалагар, ԥеиԥш ҳауам. Убри азы азакәан иазыԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит асеиԥш иҟоу аиҿкааҩцәа рганахьала", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убри аан иазгәеиҭеит азинхьчаратә органқәа рганахьалагьы азакәан аилагарақәа шыҟаз.

"Ауаа рпроблемақәа амҩаҟны аӡбра еиҳа еиӷьаршьоит иахәҭоу аструктурақәа рахь инеир аасҭа. Амилициа рахь арзаҳалқәа наргом, ацәгьара збогьы рҿахәы узырҿыхуам. Ари иаанаго азинхьчаратә органқәа рыгәра ргом ауп. Асеиԥш аан аусура уадаҩуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Иара убасгьы далацәажәеит арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа зхы иазырхәогьы шыҟоу, уи иахәҭоу аҿагылара шаиуа.

Ҳаџьымба азинхьчаратә органқәа иреиҳәеит еиҳа аинырра рымазаарц.

"Атәылауаа рхы иацәымшәозароуп. Азакәан азинхьчаратә органқәа азинмчра рнаҭоит, уи ахы иархәатәуп. Ауааԥсыра аилыркааратә усурақәа рыдгалатәуп", — иҳәеит иара.

Аилацәажәара иалахәын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба, Апрокурор хада Алексеи Ломиа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Зураб Марганиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0