Апроект "Art Incognito" аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа алахәхоит

© Ольза ЗелинскаяАпроект "Art Incognito" алахәылацәа русумҭақәа.
Апроект Art Incognito алахәылацәа русумҭақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агалереиа "Art Incognito" Москваҟа инанаԥхьеит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа апроект ҿыц рхы аладырхәырц. Аексперттә хеилак иалнахраны иҟоуп иреиӷьу аусумҭақәа, авторцәа Европаҟа тур ҳасабла рышьҭразы.

АҞӘА, хәажәкыра 28 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Агалереиа "Art Incognito" Москваҟа инанаԥхьеит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа апроект ҿыц рхы аладырхәырц. Аексперттә хеилак иалнахраны иҟоуп иреиӷьу аусумҭақәа, авторцәа Европаҟа тур ҳасабла рышьҭразы, ҳәа ҳалҳәеит апроект алахәыла Ольга Зелинскаиа.

Агалереиа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа апроектаз ишрышьҭо збаз Ольга Зелинскаиа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа рабжьагарала мызк аҩныҵҟала алахәылацәа лыԥшааит.

© Ольга ЗелинскаяРаботы участников Art Incognito
Работы участников Art Incognito - Sputnik Аҧсны
Работы участников Art Incognito

"Аԥсны аҟазара злоу ауаа даара ирацәоуп. Иҟоуп аԥеиԥш бзиа заураны иҟоу аҿар, аха урҭ ирыцхраатәуп. Абри апроект уи алнаршартә иҟоуп. Даргьы рус ргәы азҭалоит", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла ҳәарада аинтерес лымоуп аҳәаанырцәтәи асахьаҭыхыҩцәа аус шыруа абара, рԥышәа рымадара.

© Ольга ЗелинскаяРаботы участников Art Incognito
Работы участников Art Incognito - Sputnik Аҧсны
Работы участников Art Incognito

"Сара сыстиль иалкааны хьӡык узаҭом. Сусумҭақәа рҟны иуԥылоит амшын, ажәҩан, апальмақәа, ашьхақәа, амра", — лҳәоит Зелинскаиа.

Апроект аҽалархәразы инаԥхьан 8-ҩык Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа.

Апроект "Art Incognito" алахәыла Ирма Амҷыԥҳа 21 шықәса лхыҵуеит, 5-тәи акурс аҟны аҵара лҵоит.

© Фото : Ирма Амичба Работы участников Art Incognito.
Работы участников Art Incognito. - Sputnik Аҧсны
Работы участников Art Incognito.

Агәр лгоит апроект алахәра лырҿиара ацхыраара ду анаҭап ҳәа.

"Сара сзы апроект аинтерес аҵоуп. Уаанӡатәи алахәылацәа русумҭақәа акыр збахьеит. Атехника ҷыда змоу ыҟоуп. Асеиԥш иҟоу апроектқәа иурҭо рацәоуп", — лҳәоит лара.

© Фото : Астамур ЭшбаРаботы участников Art Incognito.
Работы участников Art Incognito. - Sputnik Аҧсны
Работы участников Art Incognito.

Агәыԥ акуратор Ольга Зелинскаиа ишылҳәаз ала мшаԥымза 10-24 рзы дара "Art Incognito" арезиденциаҟны иҟазаауеит. Ҩымчыбжьа рыла иҭырхыз рсахьақәа ирылыркаауеит еиӷьқәоу.

Уи ашьҭахь иреиӷны ирыԥхьаӡаз асахьаҭыхыҩцәа Европаҟа ишьҭхоит тур ҳасабла.

Ажәабжьқәа зегьы
0