Аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара иазку афорум аатит Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукВилла Алоизи. Архивтә фото.
Вилла Алоизи. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа, аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи ахархәареи иазку аусура иалагеит.

АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Жәларбжьаратәи анукатә-практикатә конференциа "Аԥсны акультуратә баҟақәа  рыхкырацәареи урҭ адәныҟатәи амзызқәа шырныԥшуеи" аатит Аҟәа мшаԥымза 21 аҿны.

Акультура амнистр Ельвира Арсалиаԥҳа излазгәалҭаз ала, афорум аҿы ргәаанагарақәа емырдар ҟалоит Урыстәылеи Аԥсни рыспециалистцәа.

"Арҭ рҩызцәа афорумқәа рымҩаԥгара Аԥсны азы даара акраҵанакуеит. Абаҟақәа рыхьчара азҵаара анырыӡбо акраҵанакуеит аекспертцәа реиԥыларақәа, ԥышәала реимадарақәа. Сгәа иаанагоит аконференциа есышқәсатәихоит ҳәа", — лҳәеи Арсалиаԥҳа.

Аҭоурыхтә культуратә ҭынха – ари акырзҵазкуа хәҭоуп аҳәынҭқарраҿы, ажәлар уи азхьаԥшуа иҟазароуп, ҳәа азгәеиҭеит акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха амнистр лхаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынха адепартамент ахада Баҭал Кобахьиа.

"Ажьырныҳәамза инаркны иалагеит иҿыцу ахәҭа аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчараҿы. Ашықәс ҿыц аламҭалазы анапы аҵаҩын иаку аҳәынҭқарратә реестр аҭоурыхтә-культуратә ҭынхахь иаҵанакуа аобиектқәа. Уи азинтә шьаҭа амоуп, абаҟақәа рыхьчараан", — иҳәеит Кобахьиа.

Жәларбжьаратәи анаукатә-практикатә конференциа Аҟәа имҩаԥысуаазырхоуп аҭоурыхтә ҭыԥқәа рҿы абаҟақәа Рымш, иара адунеи зегньы аҿы мшаԥымза 18 рзы иазгәарҭоит. Анаукатә форум хымш ицалоит.

Афорум ахь ааԥхьара рымоуп аԥснытәиқәеи урыстәылатәиқәеи археологцәеи, архитекторцәеи, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, иара убас аекологцәагьы.

.


Ажәабжьқәа зегьы
0