Аԥсуа ашәақәа iTunes аҟны иҟазаауеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАмузыкант, апродиусер Анри Гәымба.
Амузыкант, апродиусер Анри Гәымба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкант, апродиусер Анри Гәымба ООН аҿиара Апрограмма (ПРООН) апроект ҿыц дсасны даҭан.

АҞӘА, мшаԥымза 22 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа ашәақәа ҩажәиҩба iTunes ахь инагоуп, аҳаҟны урзыӡырҩыргьы алшоит мшаԥымза 28 инаркны, иҳәеит амузыкант, апродиусер Анри Гәымба аԥшьашаҽны, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуаз ООН аҿиара Апрограмма (ПРООН) апроект ҿыц аӡыргара дсасны данаҭаз аамҭзы.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Сара уаанӡа аԥсуа ашәақәа iTunes аҟны исымбацызт. Раԥхьаӡа акәны аԥсуа ашәақәа ҩажәиҩба iTunes ахь инагоуп, аҳаҟны урзыӡырҩыргьы алшоит мшаԥымза 28 инаркны. Ашәақәа ҭааҩит амузыкатә проект "Apsny star" ашьҭахь", — иҳәеит Гәымба.

Аинтерактивтә ӡыргараҟны Гәымба еиҭеиҳәеит ҳаамҭазтәи амузыка адунеи аҟны амузыкант ԥынгылақәас иоурц иалшо. Аицәажәараан еилкаахеит амузыкант занааҭла дшбиохимикыз.

Астудентцәа гәахәарыла изыӡырыҩуан асас.

ААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан - Sputnik Аҧсны
ААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан

Иара иазгәеиҭеит имузыка астиль мраҭашәаратәи астиль еиҳа ишазааигәоу.

"Атекстқәеи амотивқәеи аԥсуоуп, аха аранжировкеи ҟазшьалеи мраҭашәаратәи амузыкоуп иззааигәоу", — иҳәеит иара.

Апроект ацнапхгаҩ Мадина Сулава илҳәеит настәи аинтерактивтә лекциахь дшааԥхьо афотоҭыхыҩ Ибрагим Чкадуа.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуеит ООН аҿиара Апрограмма (ПРООН) аҵаратә проект ҿыц аӡыргара.

Ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥысраны иҟоуп жәаба иреиҵамкәа аӡыргарақәа. Араҟа астудентцәа ироуеит алшара ҳаамҭазтәи акоммуникациатә методқәа ахрархәашьа аҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0