Аԥснытәи ахәыҷқәа "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аконкурс аҿы иаиааит

© Фото : Циала Чкадуаԥҳа лархивАҟазаратә ашкол "Абаза" афестиваль аҟны рықәгылара
Аҟазаратә ашкол Абаза афестиваль аҟны рықәгылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза хԥа инаркны жәбанӡа Шәача ақалақь аҟны имҩаԥгаз "Аҟазара адунеи еиднакылоит" захьӡыз VI Жәларбжьаратәи афестиваль-аконкурс иалахәын аҟазаратә школ "Абаза" ааӡамҭацәа.

АҞӘА, лаҵарамза 10 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Шәача ақалақь аҟны имҩаԥгаз "Аҟазара адунеи еиднакылоит" захьӡыз VI Жәларбжьаратәи афестиваль-аконкурс иалахәын аҟазаратә школ "Абаза" ааӡамҭацәа, дара аԥхьахә ҭыԥқәагьы ааныркалеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илалҳәеит аҟазаратә школ "Абаза" аиҳабы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Циала Чкадуаԥҳа.

"Шәача ақалақь аҟны имҩаԥысуеит еиуеиԥшым афестивальқәа, урҭ ҳара ҳаҽрылаҳархәуеит. Уажәы "Аҟазара адунеи еиднакылоит" афестиваль- аконкурс хынтәуп ҳҽалаҳархәоижьҭеи. Раԥхьатәи ашықәс азы Гран-При ҳгеит, аҩбатәи ашықәс азы актәи аҭыԥ, уажәы еиҭа Гран-При ҳанаршьеит. Аконкурс иалахәын аҟазаратә школ "Абаза" ааӡамҭацәа, дара аԥхьахә ҭыԥқәагьы ааныркалеит", — ҳәа лҳәеит Циала Чкадуаԥҳа.

Афестиваль иалахәыз акәашаратә ансамбльқәа рхыԥхьаӡара 15 рҟынӡа инаӡон. Ахәыҷқәа рықәра ҩ-категориакны ишан: хә-шықәса инаркны аа-шықәса зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа аиҵбыратәи агәыԥ ахь иаҵанакуан, аиҳабыратәи агәыԥ урҭ: аа-шықәса зхыҵуа инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

"Хә-шықәса инаркны аа-шықәса зхыҵуа рҟынӡа ахәыҷқәа аиҵбыратәи агәыԥ ахь иаҵанакуан, дара ҩ-кәашарак нарыгӡон: "Аԥсуа кәашараеи", "Ашәуа кәашараеи". Асцена маҷк иманшәаламызт избанзар ахәыҷқәа рацәаҩын, асцена хәыҷын, аха дара аӡәы ҳиҵамхандаз ҳәа рҽырхаҵаны иқәгылеит, рхы бзианы иаадырԥшит, ажиури актәи аҭыԥгьы ранаршьеит", — лҳәеит анапхгаҩы.

Аиҳабыратәи агәыԥ иаҵанакуаз аа-шықәса зхыҵуа инаркны 12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ракәын, дара инарыгӡеит  "Ахьча икәашареи","Шьараҭынаа" рыкәашареи.

"Аиҳабыратәи агәыԥ иаҵанакуаз ахәыҷқәа инарыгӡеит  "Ахьча икәашареи ", "Шьараҭынаа" рыкәашареи. Ажиури убысҟак иргәаԥхеит, иџьаршьеит  "амца ықәҵаны иқәашеит" ҳәа рҳәон. Арҭ ахәыҷқәа VI Жәларбжьаратәи афестиваль-аконкурс  "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аҟны иранашьан Гран-При. Ахәыҷқәеи аҭаацәеи ргәырӷьара ҳәаа амамызт, избанзар анҭыҵтәи аконкурсқәа рылахәхара ахәыҷқәа рзы акыр аҵанакуеит, уи рԥышәа аизырҳара иацхраауеит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Диплом.
Диплом. - Sputnik Аҧсны
Диплом.

Циала Чкадуаԥҳа лажәақәа рыла, ажиури ахәыҷқәа ргәаԥҳеит афестиваль аԥҟарақәа зегьы ирықәшәаны рхы аадырԥшит.

"Ажиури хаз-хазы ахәшьара арҭоит: акәашара аиҿартәышьа, атехника, артист ихаҿсахьа шааирԥшуа, акәашара акостиум, ажәакала акатегориақәа рацәоуп, зегь рыла ҳхәыҷқәа ианаалеит, убри азоуп аԥхьахә ҭыԥқәа шааҳгазгьы", — ҳәа азгәалҭеит аҟазаратә школ "Абаза" аиҳабы.

Шәача ақалақь акультура аҟәша еиҿнакааз VI Жәларбжьаратәи афестиваль-аконкурс  "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аҟны  аҟазаратә школ "Абаза" ааӡамҭацәа аиҵбыратәи агәыԥ иранашьан актәи аҭыԥ, Гран–При иаԥсахеит аиҳабыратәи агәыԥ иаҵанакуа ахәыҷқәа.

Аҟазаратә школ "Абаза" еиҿкаан хы-шықәса раԥхьа, акәашаратә ансамбль "Абаза" астудиа иахәҭакуп.

© Sputnik Рада АжьиԥҳаАԥснытәи ахәыҷқәа "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аконкурс аҿы иаиааит
Аԥснытәи ахәыҷқәа Аҟазара адунеи еиднакылоит аконкурс аҿы иаиааит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәыҷқәа "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аконкурс аҿы иаиааит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0