Лазԥҳа: аҵараҵара мацара акәым иара зегьы рзы аинтерес иман

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАԥсны рапҳьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху "Ахьӡ-аԥша" амузеи аусуҩ Лиудмила Лазԥҳа.
Аԥсны рапҳьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусуҩ Лиудмила Лазԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны рапҳьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зҳәо, иара изку амаҭәарқәа рацәоуп ихьӡ зху "Ахьӡ-аԥша" амузеи аҟны. Урҭ рҭоурых еиҭалҳәоит амузеи аусуҩ Лиудмила Лазԥҳа.

АҞӘА, лаҵарамза 14 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иҭоурыхи, илаз апатриотизмреи, аибашьреи аибашьцәеи рҭоурыхи неиваргыланы рыхьӡ аҳаракыра акамыршәра азы иаԥҵоуп иара ихьӡ зху "Ахьӡ-аԥша" амузеи, уаҟа ирацәоуп ихьӡ зҳәо иара изку амаҭәарқәеи аматериалқәеи, урҭ рҭоурых еиҭалҳәоит амузеи аусуҩ Лиудмила Лазԥҳа.

"Амузеи аусзуҩцәа еиҳарак иаҳҭахын Владислав Григори-иԥа имаҭәыхәқәа рыла арбеиара иара изку ауада, уи азы акыр ҳҽазаҳшәеит, иагьҳалшеит. Араҟа иҳамоуп: ихьӡ зҳәо имаҭәоума, иҳамҭақәа роума, шәҟәума, иаҳәа аума, ажәакала, иаҳзеидкылаз зегьы. Еидаҳкалазгьы рацәоуп. Владислав Арӡынба изку аматериал аизгараҟны иҭаацәа даара ацхыраара ҟарҵеит, урҭ иахьагьы иҳавагылоуп ", — ҳәа лҳәеит Лиудмила Лазԥҳа.

Амузеи аусуҩ лажәақәа рыла, Владислав Арӡынба аԥсуа маҭәа ашәҵара бзиа иибон, имаҭәа ӡахын иара инидыршәланы.

"Иаԥсуа маҭәа икәымжәы, икаба, ихылаԥарч Ҟабардантәи зхатә гәаԥхарала Аԥсны ахьчараз игылаз "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Виачеслав Мысҭафаф иӡахымҭоуп, иара хаҭала Владислав Арӡынба ҳамҭас ииҭеит ", — ҳәа азгәалҭеит Лазԥҳа.

Владислав Григорьевич Ардзинба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба Голландиа инхо ҳауаажәлар рԥылараан ииҳәаз ажәа

Амузеи аҟны ицәыргоуп иара убас, Владислав Арӡынба адоктортәи акандидаттәи диссертациақәа шихьчаз зыршаҳаҭуа ашәҟәқәа, акымкәа ҩбамкәа хаҭалатәи идокументқәа.

"Амузеи иаҭаауа зегьы даараӡа аинтерес рзаҵоуп Владислав Арӡынба иан иҵәахны илымаз, иара абжьаратә школ аҟны аҵара аниҵоз актәи акласс инаркны ашкол далгаанӡа ихәшьарақәа зныз ашәҟәқәа. Ахәыҷқәа анааиуа ирбар ҳҭахыуп "5 " мацара акәын имаз амаҭәарқәа зегьы рзы. Аҵараҵара мацара акәым иара зегьырзы аинтерес иман, акәашареи аспорти далан, урҭ зегьы иара драхьӡон. Владислав Арӡынба иааӡареи иуаҩреи шҳаракыз аибашьра ашықәсқәа раан ганрацәала иааԥшит", — ҳәа ацылҵеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукЛичные вещи В. Г. Ардзинба
1/7
Личные вещи В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукВ. Г. Ардзинба
2/7
В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукТрубка В. Г. Ардзинба
3/7
Трубка В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукЧасы В. Г. Ардзинба
4/7
Часы В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукПаспорт В. Г. Ардзинба
5/7
Паспорт В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукДиплом В. Г. Ардзинба
6/7
Диплом В. Г. Ардзинба
© Sputnik / Томас ТхайцукЗвание Героя Абхазии
7/7
Звание Героя Абхазии
1/7
Личные вещи В. Г. Ардзинба
2/7
В. Г. Ардзинба
3/7
Трубка В. Г. Ардзинба
4/7
Часы В. Г. Ардзинба
5/7
Паспорт В. Г. Ардзинба
6/7
Диплом В. Г. Ардзинба
7/7
Звание Героя Абхазии

Владислав Арӡынба изку ауада аҟны, иара убас икнаҳауп аибашьра ашықәсқәа раан ахырӷәӷәарҭақәа рахь данцоз иишәиҵоз акәылӡы маҭәа, ир маҭәа иаҵаз агәҭаршәи, абџьарҟаҵаҩ Баҭал Џьопуа ҳамҭас ииҭаз аҳәеи.

"Ҳахыҽхәаратә иҟоуп иара убас, Владислав Арӡынба ахырӷәӷәарҭақәа рахь данцоз иишәиҵоз акәылӡы маҭәеи, асахьаҭыхыҩ абџьарҟаҵаҩ Баҭал Џьопуа ҳамҭас ииҭаз аҳәеи, Владислав Арӡынба инапҩыратә ҩымҭақәеи, иусуратә уадаҟны игылаз аҩнымаҭәеи, исааҭкәеи, иҭаҭынажәгеи", — ҳәа лҳәеит амузеи аусуҩ Лиудмила Лазԥҳа.

Владислав Арӡынба , Аԥсны раԥхьатәи ахада - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҿар Владислав Арӡынба идҳәалоу ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит

Амузеи архив аҟны ирацәоуп амаҭәарқәа, лҳәеит Лазԥҳа, макьаназ ахәаԥшыҩ иблахь ицәыргам.

Амузеи аҟны иҟоу Владислав Арӡынба хаҭалатәи имаҭәақәа зегьы амузеи иалҭеит Раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа.

Аҭоурых-ҭҵааратә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҳәынҭқарра аҭҵаарадыррақәеи Адыгатәи жәларбжьаратәи ракадемиақәа ракадемик, "Ахьӡ- аԥша" актәи аҩаӡареи Аԥсны Афырхаҵеи ҳәа ахьӡ ҳаракы зыхҵоу, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори–иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәсазы Алада Ешыра ақыҭан.

Владислав Арӡынба, иахьа иԥсы ҭазгьы ихыҵуан 71 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0