Америкатәи афотоҭыхыҩ: Аԥсны џьашьахәуп

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАмерикатәи афотоҭыхыҩ Џьеисон Ашкенази
Америкатәи афотоҭыхыҩ Џьеисон Ашкенази - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арт-плошьчадка "Склад драмтеатра" аҟны афотоҭыхра далацәажәон америкатәи афотоҭыхыҩ Џьеисон Ашкенази.

Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа.

Арт-плошьчадка "Склад драмтеатра" аҟны асабшаҽны аҭааҩцәа ирбеит еиуеиԥшым афотоқәа: Бақәатәи ахәыҷтәы карусель, аибашьраантәи Грозны, Магнитагорск имҩаԥыргоз аграждантә оборона аурокқәа, Мариинтәи атеатр аԥсҭазаара, Мари Ел аҽаҩра аарыхра уҳәа аазырԥшуаз.

Асоветаамҭа ашьҭахьтәи аҵакырақәа ирызкуп Ашкенази ифотошәҟәы "Страна чудес: Сказка о советском монолите".

© Фото : Jason EskenaziБаку в фотографии Джейсона Ашкенази
Баку в фотографии Джейсона Ашкенази - Sputnik Аҧсны
Баку в фотографии Джейсона Ашкенази

Џьеисон Ренген ихаантәи Ниу-Иорк изҳаит. Урыстәылеи АЕШи реизыҟазаашьақәа еснагь аибарххара рыман. Урыстәылаҟа ааразы алшара шааиоуз Ашкенази арахь даауеит. Аԥхьа фотокорреспондентс аус иуан, аха нас афотоҭыхра алихит.

— Урыстәыла еснагь ираритетын. Афотоҭыхыҩ изы уи аинтерес амоуп. Сара сзыҿцәажәоз ираҩсхьоу аамҭақәа бзиабарала иахцәажәон, Асовет Еидгыла ахьӡ-аԥша ҳаҭыр ақәырҵон.

90-тәи ашықәсқәа рзтәи Урыстәыла алакә сиужетқәа иреиԥшнишьалон. Алакә аҿы афырхаҵа иҭаацәа ицәыӡуеит, нас урҭ иԥшаарцаз ауадаҩрақәа дырхысроуп иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәВстреча с фотографом Джейсоном Ашкенази на "Складе"
Встреча с фотографом Джейсоном Ашкенази на Складе - Sputnik Аҧсны
Встреча с фотографом Джейсоном Ашкенази на "Складе"

Аурыс жәларгьы ахәыҷқәа реиԥш ауадаҩрақәа ирхысыр акәхеит. Еиӷьуп ма еицәоуп сызҳәом, аха ишыҟазаалакгьы уигьы трансформациан, ҳәа дахцәажәоит Ашкенази усҟантәи аамҭа.

Аҭааҩцәа иҭыхымҭақәа иразҵаауан, аиҳаракгьы ашәҟәы иагәылам. Урҭ жәанызқь рҟынӡа ыҟоуп.

Раԥхьаӡа Аԥсныҟа дааит 1993 шықәса рзы, аибашьра ашьҭахьҵәҟьа. Игәалаиршәоит илала иибаз, ареспубликатә хәышәтәырҭа ашьҭахь аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа анаадырԥшыз атәы.

© Фото : Jason EskenaziУроки гражданской обороны в Магнитогорске
Уроки гражданской обороны в Магнитогорске - Sputnik Аҧсны
Уроки гражданской обороны в Магнитогорске

— Сара Аԥсны бзиа избоит: Амшын. Ашьхақәа. Аҟәа. Аҭыԥҳацәа ԥшӡақәа – иҳәоит Џьеисон.

Ашкенази адунеи аҟны еицырдыруа фотоҭыхҩуп ҳәа азгәеиҭоит Отто Лакоба:

Ҩышықәса раԥхьа Сҭамбул сыҟан. Шәҟәыҭирҭак аҟны сылаԥш ақәшәеит афотоальбом "Страна чудес". Асахьақәа схырхит. Уи ашьҭахь шықәсык ааҵуаны ҳаибадырит Џьеисони сареи.

© Фото : Jason EskenaziВид из московского отеля.
Вид из московского отеля. - Sputnik Аҧсны
Вид из московского отеля.

Уажәы Џьеисон Ашкенази Сҭамбул дынхоит. Амрагыларааигәа иазку афотоальбомқәа ҩба разырхиара даҿуп. Аԥсныҟа деиҭахынҳәуеит ачарақәа ианрысакьаҳәымҭахо – ҭагалан.

Ажәабжьқәа зегьы
0