Владислав Арӡынба ибаҟа шьақәыргылахоит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладислав Арӡынба ибаҟа шьақәыргылахоит Гагра
Владислав Арӡынба ибаҟа шьақәыргылахоит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ибаҟа ашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит Гагра.

ГАГРА, лаҵара 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа ашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит Гагра. Уи авторс дамоуп аскульптор Руслан Габлиа.

Ҵыԥхтәи ашықәс азы Гаратәи Ахьӡ-аԥша абаҟа аханы ишьҭаҵан Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз ахаҳә. Усҟан, араион Ахадареи адепутатцәеи рыла ишьақәгылаз акомиссиа иазырыӡбеит ари аҭыԥ аҟны ишыргылахо абаҟа.

Ҳазҭалаз ашықәс азы, уи анагӡара нап аркын. Иақәырӡхо ахарџь ахахьы иагоит Гагра араион Ахадара.

"Иахьа абаҟа иакәыршаны ашьҭаҵара иаҿуп амармалташь хаҳә. Абиуст акәзар, Ростовҟа ишьҭуп аџьаз ақәҭәаразы", — иҳәеит Гагра ақалақь анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Аслан Аиба.

Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада ибаҟа ашьақәыргыларазы аусурақәа хырқәшахоит мызки бжаки рышьҭахь.

Гагра ақалақьуаа рзы, ари иԥшьоу аҭыԥ ханарҭәаауеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи наунагӡа зыхьӡ иадҳәалазаауа Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0