Иван Бегич иқьырмытлыху ишедеврқәа

© Фото : из архива Анзора АгумааЗдание индустриального колледжа
Здание индустриального колледжа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Архитектор Иван Бегич ирҿиамҭақәа ртәы шәаԥхьа Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны.

XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Аԥсны иҟан зынӡа фы-школк. Урҭ рҟынтәи ҩба Аҟәа иҟан – Ашьхаруаа рышколи аҳәса ргимназиеи. Маҷ-маҷ еизҳауаз ақалақьуаа рхыԥхьаӡара ахатәы дҵақәа ҟанаҵон. Ақалақь аҟны аусура иалагеит еиуеиԥшым аҵаратә усҳәарҭақәа. Убарҭ иаарылукаауа иҟан архитектор Иван Бегич ипроект ала иргылаз ақьырмытлых хыбрақәа ҩба.

"Цәыббрамзазы, мшы лашак азы сани сареи ашкол ахь ҳцеит. Ашҭа ҳанҭаланы ахаҳә мардуан ду ҳнаҿалан хыхь ҳаҩхалеит", ҳәа иҩуеит Фазиль Искандер иажәабжьқәа руак аҟны аҵара ахьиҵоз ишкол аӡбахә далацәажәо.

XX ашәышықәса алагамҭазы, еиҳа иныҭкааны иуҳәозар 1900 шықәса рзы, Подгорнаиа амҩаҟны арратә нџьныр, архитектор Иван Николаи-иԥа Бегич ипроект ала иргылан ҩбаны еихагылаз ахыбра ссир.

Слайд абх
Слайд абх - Sputnik Аҧсны
Слайд абх

Бегич Аҟәа иргылеит иакымкәа иҩбамкәа ахыбрақәа, иаарыкәыршаны игылаз ирылукаауаз. Усҟан акәым иахьагьы урҭ аҽакы иалаҩашьом. Архитектор ихатә стиль, ихатә хәаԥшышьа иман.

Иван Николаи-иԥа иргылаз ашкол аҿоуп аҵара ахьиҵоз Фазиль Искандергьы. Ҟазарала ари ахыбра иара Бегич егьырҭ ирҿиамҭақәагьы ирылукаартә еиҿкаан, иԥшӡан. Абри ахыброуп Искандер иажәабжьқәа рмотив ала иҭыху акинофильм "Время счастливых находок" аҟны иубо.

Архитекторцәа абри ахыбра иалацәажәо абас ахырҳәаауеит:

"Ақьырмыт аԥшшәқәа ҩба еимаданы иргыло ари ахыбра иаразнак уатәнатәуеит. Уи иацуп еиуеиԥшым асахьақәа. Архитектуратә детальқәа шырацәоугьы убла дырааԥсом", ҳәа иҩуеит Бронин.

Ашәышықәса алагамҭазы араҟа аус ауан иреиҳау алагарҭатә училишьче. Уаҟа, Анзор Агәмаа ишиҳәоз ала аҵара мҩаԥысуан абыжьбатәи акласс аҟынӡа. Ианаадыртыҵәҟьа аҵара зҵоз аҷкәынцәа рхыԥхьаӡара хышәҩык рҟынӡа инаӡон, шықәсыла 10 инаркны 25 рҟынӡа рхыҵуан. Акраамҭа аучилишьче анапхгаҩыс дыҟан Митрофан Иван-иԥа Атаманаки. Араҟа еиҳа ирацәаҩыз ақырҭцәа рхәыҷқәа ракәын, нас – аурысқәа, аерманқәа. 1910 шықәса рзы араҟа аҵара рҵон 26 аԥсуаа. Арҭ зегьы аҵара ддырҵон ҩеижәаҩык арҵаҩцәа.

Абраҟа рҵаҩыс аус иуан аԥсуа рккаҩы. Ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Андреи Чочуа. Иара илшаралоуп араҟа аԥсуа бызшәеи атәылаҿацә аҭоурыхи маҭәарк аҳасабала аҵаратә процесс ишалагалахаз.

Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡаз ари ахыбра иахьа аҭагылазаашьа угәы унархьыртә иҟоуп. Ажәытәтәи абеиареи аԥшӡареи ашьҭа-мҭагьы умбо иҟалеит.

Абри ахыбра иацәыхарамкәа игылоуп Бегич иргылаз аҽа хыбракгьы. Март ԥшьба амҩа уаныланы ушнеиуа Сахаров ихьӡ зху амҩахь уахаҵәины Аботаникатә баҳчахь ухы наурхар унадгылоит ҩбаны еихагылоу, ақьырмыт ҟаԥшь иалху ахыбра ԥшӡа.

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание индустриального колледжа
Здание индустриального колледжа  - Sputnik Аҧсны
Здание индустриального колледжа

Уаҟа иахьа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә аиндустриалтә коллеџь аус ауеит.

Ари ахыбра 1905 шықәса рзы иргылан. Уаҟа аус ауан Аҟәатәи ареалтә училишьче.

Ари аҵараиурҭа аадыртит ақалақьуаа раԥшьгарала. Урҭ ашәҟәы рҩит Урыстәыла Аҵара аминистррахь. Аҳәара ҟарҵеит Аҟәа ареалтә училишьче аартра иахаҵгыларц. Аминистрраҟны ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.

1905 цәыббрамзазы официалла иаадыртит. Актәи ашықәс азы ара аҵара рҵон 107-ҩык. Аҵара ахәԥса ахыршәаауан. Шықәсык ахь 40 мааҭ иаԥсан.

Уаҩы игәы иахәаратәы иҟоуп абри ахыбра егьырҭ рлахьынҵа алахьынҵамкәа иахьагьы улаԥш аргәырӷьо иахьаанхаз. Иуҳәар ауеит иара ажәытә Бегич ихаҿы иширҿиаз еиԥш еиқәханы иаанхеит ҳәа.

Абас иҟоуп архитекторк инапы иҵыҵыз ахыбрақәа ҩба рлахьынҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0