Афон ҿыц атуристцәа рыдкылара иазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон ҿыц.
Афон ҿыц. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон ҿыц азыхиоуп атуристцәа рыдкылара ҳәа ҳарҳәеит ақалақь Ахадараҟны.

АҞӘА, рашәарамза 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақалақь аканализациеи аӡи рыпроблема аӡбра ҽааноуп анапалакра анрылшо иҳәеит ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Феликс Дауҭиа.

"Ҳақалақь азы зегь раасҭа иуадаҩны иҟоу аӡымҩангареи аканализациеи роуп ҽааны урҭ апроблемақәа рыӡбра ҳалшап ҳәа ҳгәыӷуеит", — иҳәеит Дауҭиа.

Иара иажәақәа рыла усеиԥш алшара роуп ҳәа игәы изаанаго атәыла Ахада иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны Афон ҿыцтәи аҳаԥы аҭалараз иршәо ахәԥсаҟынтәи ҩынҩажәижәаба мааҭ ақалақь абиуџьет иахьахыԥхьаӡалахо ауп.

Аԥсуа-аурыс ҳәаа. - Sputnik Аҧсны
Сынтәа жәохә миллионҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа Аԥсны иаҭараны иҟоуп

Иара убасгьы даҳзалацәажәеит закәан ҵаҵӷәык рымаӡамкәа зыҽзырҭбаауа асувенир ҭирҭақәа агәынамӡара ширҭо.

"Афон аус руеит атуристцәа ирзырхо аџьармыкьақәа ԥшьба. Сара сахь есыҽны иааиуеит ауаа аҭирҭатә ҭыԥқәа рзалысхырц. Аха аҭыԥқәа ыҟам. Ҳара аџьармыкьақәа уаҳа реиҵыхра ҳзалыршом", — иҳәеит Дауҭиа.

Акурорттә сезон далацәажәо Дауҭиа иазгәеиҭеит ақалақь атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи рыдкылара ишазыхио.

Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы 700 метр ԥшьыркца рҟынӡа акаҭран ықәҵоуп, аныҟәаратә мҩақәа рҟны аплитақәа ԥсахуп, амҩақәа рҟны афымцалашара мҩангоуп, атәарҭақәа ргылоуп, амшын аҟәара акәзар аиҿкаара аҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0