Агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" ахәыҷқәа аныҟәара рзеиҿнакааит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" ахәыҷқәа ныҟәара иргеит Аҟәа.
Гагратәи агәыҳалалратә фонд Ахәыҷқәа рдунеи ахәыҷқәа ныҟәара иргеит Аҟәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Гагратәи агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" ақалақьуаа хәыҷқәа ныҟәара иргеит Аҟәа.

АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны Гагратәи агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи", Гагра араион анапхгареи араион аҵара аҟәшеи рыдгыларала еиҿнакааит аҭаацәара рацәеи зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи рхәыҷқәа рзы аҳҭнықалақь ахь аныҟәара.

Гагратәи аҟазаратә школ - Sputnik Аҧсны
Агәаҭаратә концерт мҩаԥнагеит Гагратәи аҟазаратә школ

Гагратәи агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" хықәкыс иамоуп аҭаацәара, рацәеи зфинанстә ҭагылазаашьеи кәадоу аҭаацәарақәа рхәыҷқәеи, иара убас ахәыҷқәа аинвалидцәеи адгылара арыҭареи еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәеи рзеиҿкаареи.

Убас, ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" аиҳабы Лиудмила Ашәба-Ҳагба еиҿылкааит Аҟәаҟа аныҟәара.

Уи иалагӡаны, ахәыҷқәа ирҭааит аҳҭнықалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа, абаҟақәа, аботаникатә баҳча, амаамынқәа рпитомник, амҳаџьыраа рыԥшаҳәа.

Иара убас ахәыҷқәа ирзеиҿкаан шьыбжьхьа.

Ахәыҷқәа Аҟәаҟа инаскьаго, адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи ҟарҵеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрбеи.

"Шәара, ԥхьаҟа Аԥсны зырԥшӡо шәоуп. Агәабзиареи, агәалаҟазаареи, ақәҿиарақәеи шәыцыз. Еснагь шәымҩа лашазааит, шәыԥсҭазаара илахҿыху ахҭысқәа рыла ибеиазааит", — иҳәеит араион Ахада.

Иара убас, араион анапхгара Лиудмила Ашәба —Ҳагба иҭабуп ҳәа ларҳәеит ахәыҷқәа рганахь иаалырԥшо агәцаракразы, илзеиӷьаршьеит агәыцқьареи аманшәалареи.

Агәыҳалалратә фонд "Ахәыҷқәа рдунеи" аиҳабы Лиудмила Ашәба-Ҳагба иазгәалҭеит, ари акциа анаҩс дара рыхьӡала аҳамҭа ширҭо, ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш аҽны, Гагратәи ахшараиураҟны ииуа амаалықь.

"Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа зегьы ирыдысныҳәалоит ари аныҳәа ссир. Рыԥсҭазаара лашазааит, рхаан еибашьра ҟамлааит. Ҳара иахьынӡаҳалшало ахәыҷқәа рзы ҳхы ҳаигӡом", — ҳәа азгәалҭеит афонд аиҳабы.

Ахәыҷқәа Аҟәа ианнеи иаҳзаарышьҭит ргәырӷьара зырҵабыргуаз афотосахьақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0