Инал-кәыба – Аԥсны аԥшьаҭыԥ ду

© Sputnik / Асида КвицинияАԥшьаҭыԥ Инал-кәыбахь
Аԥшьаҭыԥ Инал-кәыбахь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Инал-кәыба Аԥсны реиҳа иԥшьоу аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Ажәытә жәабыжьқәа рыла аныхақәа быжьба еиднакылоит. Аҭоурых дуӡӡеи амч дуӡӡеи амоуп.

Асида Кәыҵниаԥҳа, Sputnik

Иҵәаху Ԥсҳәытәи адунеи

Амҩа ҳанықәлоз ирацәан иаҳзеиҭарҳәоз ҿык-бзык иазымҳәо Ԥсҳәытәи аԥшӡарақәа рзы. Ҳаргьы ҳазыԥшын акаршәра иаҵәарақәеи, аӡиас еибаха-еибафақәеи, абна еилачырақәеи. Ашьха кьашә-кьашәрақәеи рбара.

Иуадаҩзар ҟалап арҭ еиқәаҳаԥхьаӡаз аԥшӡарақәа ирылиааз аҽа ԥшӡарак ала игәы ахыхра. Аха аҳаирплан ҳашналбааз еиԥш, шәҭыла ихыбыз адәҳәыԥш ҳашнықәгылаз еиԥш ажәала иузымҳәо аԥшӡара ҳналаӡҩеит. Иаҳҳәо еилукаарц азы знык акәзаргьы уылала иубароуп ҳара иаабаз.

Инал ду

Ҳара ҳныҟәара иахықәкы хаданы иҟаз Инал-кәыба ауп.

© Sputnik / Асида КвицинияПейзаж в высокогорном селе Псху
Пейзаж в высокогорном селе Псху - Sputnik Аҧсны
Пейзаж в высокогорном селе Псху

Ари аԥшьаҭыԥ аҭоурых азқьышықәсақәа ирылоуп. Ашьха ахьӡ аԥсуааи адыгааи еидызкылаз аҳ Инал ихьӡ аҟынтәи ауп иахьаауа.

Алегенда ишаҳәо ала ажәытәан зны, адыгаа рыдгьылқәа рымпыҵархалеит аџьенуазцәа (агенуезцәа).

Инал адыгаа драԥызеит, уахь, урҭ рыцхраара инеиит аԥсуаа, зхадараҟны Ачааи Чачааи гылаз.

Зҽеидызкылаз аԥсуааи адыгацәеи атәымуаа рыдгьыл иқәырцеит. Ишеиҭарҳәо ала Инал аӷацәа дышҳамдыркит. Уи Аԥсны анышә дамадоуп. Уи аҭыԥ аԥсуааи адыгааи рзы ԥшьаҭыԥк еиԥшны, аибашьҩы ду имҵахырхәо иахьыҟаз акәны иҟалеит.

Аԥшьаҭыԥ амаӡа

Аԥшьаҭыԥ Инал-кәыбахь анеира ҳгәы ишаанагоз еиԥш имариамзаарын. Псҳәы агәы инаркны хәбаҟа километра шьапыла ицатәын. Аха аҭыԥантәи ауааԥсыра уахь ҳара машьынала ҳҩаргеит.

© Sputnik Асида КвицинияМесто, куда для совершения обрядов приезжают представители абхазских фамилий
Место, куда для совершения обрядов приезжают представители абхазских фамилий - Sputnik Аҧсны
Место, куда для совершения обрядов приезжают представители абхазских фамилий

Ҳахьнеиз, ҳабла иаахгылеит рацәак идуум ашьха. Иара аҿаԥхьа, адәҳәыԥшраҟны ишьҭаз ахаҳә дуқәа рҟноуп ақьабзтә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго.

Абнара агәы ҳҽанагәылаҳхала иаабеит ҩын хәыҷык. Иара ааигәара иҿыцәааз амцашьҭа ыҟан, авараҿыҵәҟьа ишьҭан афархь еизганы.

Аҭыԥантәи ауаа ишеиҭарҳәо ала арахь иаалоит еиуеиԥшым аԥсуа жәлашьҭрақәа рхаҭарнакцәа. Урҭ реиҳараҩык ара иатәу роуп шьҭрала. Урҭ араҟа аныҳәарақәа мҩаԥыргоит.

Аҭыԥантәи анхаҩы Васили Кәаӡба иажәақәа рыла аԥшьаҭыԥ ахь инеиз иара иатәу акәама-ҵамарақәа мҩаԥигалароуп. Араҟа иҟалом ашәарыцара, убжьы рдуны ацәажәара.

© Sputnik Асида КвицинияКамень для жертвоприношения в селе Псху
Камень для жертвоприношения в селе Псху - Sputnik Аҧсны
Камень для жертвоприношения в селе Псху

Инал-кәыба ирацәоуп зеилкаара уадаҩу ахҭысқәа рымҩаԥысра. Ирҳәоит туристк иарҳәаз агәра мгакәа ақәасаб абра ишьит, мышқәак рыла ахра далҟьан дыԥсит ҳәа. Шамахамзар иҟамло еилазго зегьы абри аҩызоуп ирԥеиԥшхо иҳәеит иара.

1864 шықәса рҟынӡа Ԥсҳәы инхон хәнызқьҩык рҟынӡа аԥсуаа. 1864 шықәса рзы урҭ мчыла рыдгьыл иахыган амшын ихҵан амҳаџьырра ҳәа.

Урҭ рыдгьыл ианахыҵуаз ҭаацәа-цыԥхьаӡа еиҭарҳауан араҵла ма ахьаҵла. Урҭ агәра ргон мышкызны ирхылҵуа рабдуцәа рыдгьыл ахь ихынҳәуеит ҳәа.

Кавказтәи аибашьра ашьҭахь ԥсҳәаа рыбжаҩык Ҭырқәтәылаҟа иахыҵит егьырҭ – Нхыҵ Кавказ инхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0