Аӡынаа Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла.Архивтә фото.
Ҭырқәтәыла.Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа дазааҭгылоит Ҭырқәтәыла инхо Аӡынаа рҭоурых.

Ҭырқәтәыла Диузџье ақалақь иаҵанакуа Бычка ақыҭа аҿы инхо аԥсуа етнографиатә гәыԥ аҳҷыԥсаа роуп. Ари ақыҭа еиҿызкааз Қәач-иԥацәа роуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Қәач-иԥа Ҳәџьаџь ихьӡын Аԥснынтәи уаҟа раԥхьа инеины ақыҭа еиҿызкааз. Дара ҩыџьа аишьцәа цеит Ҭырқәтәылаҟа Ҳәџьаџьбеи Џьгәаҭани.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

Рашьа аиҳабы Уамар ҳәа дыҟан, уи Аԥсны дыԥсит, уаҟа анышә дарҭеит. Уи иуа 14 шықәса зхыҵуаз дрыманы Ҭырқәтәыла инеит. Уи Шамиль ихьӡын. Арҭ аишьцәа рқыҭауааи дареи ӷбала ицеит. Сҭамԥыл иӡхыҵит. Усҟан хҭыскгьы ҟалеит. Урҭ аамҭақәа Османтәи аимпериа аамҭақәа ракәымзи, усҟантәи аамҭақәа рзы Сҭамԥыл иахылаԥшуаз ауаҩы дырзынаишьҭит.

Арҭ иаақәаз аӡәы дысзаажәга сиацәажәар сҭахуп ҳәа. Ари заҳаз аԥсуаа даара иџьаршьеит. Ҳара ҳсасны ҳааит иара дахьыҟоу ҳашԥацо, иара архь дааироупеи рҳәеит. Иаргьы уахь анеира згәы иҭаз аӡәы иакәмызт, аха ас зҳәо зусҭцәоу збап иҳәан дцаны ибеит рҳәоит.

Ақыҭа Бычка раԥхьа аԥсуаа зыцны инеиз Ҳәџьаџьбеи ақыҭа реиҳабы иакәын. Ақыҭагьы анеиҿыркаа иара ихьӡ ахырҵеит. Усҟан хаҭала рыхьӡқәа ахырҵаӡомызт. Аха асоциалтә еилазаашьа аҽакымзи ақыҭа зтәыз ауаҩы ихьӡ ҳәаны иқыҭа рҳәон. 2012 шықәсазын Бычка ақыҭаҿы ҳаныҟаз ажәабжь ҳзеиҭазҳәаз Қәач-иԥа Иордуан Џьгәаҭан захьӡыз Ақәачба ихылҵшьҭра деиуоп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Џьгәаҭан иԥа Џьавдеҭ ихьӡын. Џьавдеҭ иԥа аиҳабгьы иаргьы Чанаикале ҳәа иахьашьҭоу иҟаз аибашьраҿы иҭахеит. Усҟан Иордуан иаб хышықәса ракәын ихыҵуаз иара иаб данҭахаз.

Қәачаа аамысҭцәаӡамызт, аха аӡәгьы идҳәалаӡамызт иҳәеит Иардуан ҳаниҿцәажәоз. Қәачаа рынхарҭа аҭыԥ Бычка ақыҭа ауп. Егьыс ҽаџьара инхақәозаргь иахьынтәицаз Бычкантәи ауп. Қәач-иԥацәа Аӡынаа рабиԥара иаҵанакуеит – Иаӡынбақәоуп.

Аԥсуаа иахьатәи Ҭырқәтәыла ианықәнагалаз Османтәи аимпериа ахааназами. Усҟан аҭырқәцәеи дареи реизыҟазаашьа цәгьамызт. Аха ХХ ашәышықәса ҩажәатәи ашықәсқәа рзы Аҭаҭиурқь ареволиуциа аныҟаиҵа рҭагылазаашьа уадаҩхеит. Избанзар Османтәи аимпериа иадгылаз рацәахеит азын.

Бычка ақыҭан инхо аԥсуаа усҟан рқыҭа аҩадахьы иҟоу абнақәа рахь иахыҵны иламлар ада ԥсыхәа рмоут. Арахә-ашәахә рыманы акыраамҭа абна илан. Убырҭ рырахә шьны ирфон, уаҳа даҽа фатәык рымамызт. Хыхьынтәи рқыҭа иахьалаԥшуаз ирбон аруаа рқыҭа иалаланы рыҩнқәа шырбылуаз. Абри аҩыза аҭагылазаашьа цәгьақәа раан убри абна иаҵәахит дара.

Нас Аҭаҭиурқь идгылаз Черқыз Еҭым даан ԥыҭҩык иршәеит, ԥыҭҩыкгьы кнаиҳаит убас. Убра инаркны Анкаранӡа ирыцқьеит рҳәоит. Ари зыхьыз иахьатәи Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарра ашьақәгылара иаҿагылаз роуп. 

Усҟан Бычка ақыҭаҿы инхоз ауаа зыхьчаз ахәқәа ԥсышәала ахьӡ змақәоугьы маҷым. Иаҳҳәап: ацә шьырҭа, ахьарахәы, Иаҳиа икәара, Џьыгәаҭан ибысҭарҭа. Џьыгәаҭан Қәачба Иордуан иабду иаб ихьӡ ауп ишаҳҳәаз еиԥш. Уи, уажәшьҭа уаҟа инхо аԥсуаагь иларымҵо аш лаиҵон. Убри аҟынтә ауп ибысҭарҭа ҳәа изашьҭоу.

Гечԥҳа Севинч - Sputnik Аҧсны
Гьечԥҳа: анкьа аԥсуара ӷәӷәан, даара апату аҳаҭыр ҳаракын

Амала Џьыгәаҭан нас иҭыԥ еиҭаикит алада, иахьа ихылҵшьҭра ахьынхо аҭыԥ ахь дылбааит. иашьа Ҳәџьаџьбеи захьӡыз уа даанхеит. Убри азын уажәы Қәачаа Бычка ақыҭаҿы хаз-хазы итәоуп. Џьгәаҭан иҵакыра ахьтәоу Ҿамҳара ахьӡуп.

Ажәытә аби ахшареи анеилыҵуаз ус ҟарҵон – аԥа аиҳабы ԥҳәыс данааигалакь, ихәыҷгьы даныҟалалакь – ашьшьыҳәа ҩнык аргылара далагон. Изылшоз ҩны бзиак ҟаиҵон, излымшозгьы ҩны-хәыҷык ҟаиҵон ус доусы имҩа ылихуан.

Ажәакала, арԥыс ԥҳәыс данааигалакь еиҿыҵуан. Аби ани аиҵбы идхалон. Аҭыԥҳацәа хаҵа имцац аиҵбы иҿы иҟан.

Аҭыԥҳа лаб иҟынтәи рацәак акгьы лоуӡомызт. Лара дахьнанагаз дныҟәнагар акәын. Аха уажәы аҭырқәа изакәан иқәныҟәоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаагь Аҭырқәа изакәан ала аб имал ахшара зегьы еиҟараны ирзыршоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0