Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАНА
АНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
Анапаҵаҩра
Аамҭа аҩнқәеи ахыбрақәеи рлахьынҵа шаԥсахуа атәы шәаԥхьар алшоит Арифа Қапԥҳа лматериал аҟны.

Оумашәа иубартә иҟоуп аамҭа аҩнқәеи ахыбрақәеи рлахьынҵа шаԥсахуа. Ауаа рлахьынҵақәа реиԥшҵәҟьоуп ишаԥсахуа. Зны-зынла урҭ аҩнқәа хыҵакырҭа змам ахьыԥхьо хыбраны иҟаларгьы аналшо ыҟоуп. Аҟәа ус иҟақәоугьы уԥылоит. Иҟоуп ахҭысқәа зынӡа аҽа хырхарҭак анроуагьы. Уажәы ҳалацәажәоит ахыбрақәа ҩба рҭоурых.

Урҭ руак — амодерн астиль иатәуп. Ҩбаны еихагылоу ахыбра ԥшӡа, аиҭарҿыцра зҭахны иҟоу, аха ажәытәтәи аԥшӡарагьы зцәымӡыц Аидгылара амҩаҟны игылоуп (Аидгылара, 44). Араҟоуп иахьа иахьыҟоу Агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут.

© Sputnik / Томас ТхайцукАБИГИ
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
АБИГИ

Ахыбра 104 шықәса ахыҵуеит. Усҟан Ахәаахәҭратәии Акондуктортәии ҳәа захьӡыз амҩақәа реихдарҭаҿы иргылан аҭуџьар, аҭаҭынааглыхыҩ Христофор Самуриди изы 1912 шықәса рзы иргылан. Агәаанагарақәа еиуеиԥшым абри ахыбра зыргылаз ихьӡ азы. Ақалақьдырыҩ Анзор Агәмаа ишьақәирӷәӷәон Бамме ирҿиамҭоуп ҳәа. Архитектор Георги Баронин иакәзар — Модрах иоуп ҳәа иазиԥхьаӡон. Дарбанызаалакгьы изыргылаз, иахьагьы улаԥш адхалартә еиҿкаауп.

Шәышықәса ирхысхьоу абри ахыбра адәахьтәи аҽраԥшӡара азаанханы иҟоуп. Аҩналарҭа хада ашә аума, аԥенџьыртә хышәқәа роума, адашьма иқәу амармалташь аума иахьагьы улаԥш рыдырхалоит, ҳәа иҩуеит асахьаҭыхыҩ Пишт. Ҳәарада арҭ зегьы аиҭашьақәыргылара мҩаԥгахозар ишыҟоу иааныжьтәуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАБИГИ
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
АБИГИ

Ҳазыхынҳәып ахыбра аҭоурых. Аҭуџьар Самуриди ара хышықәса дынхон, нас аҭауад Џьото Шервашиӡе-Чачба иааирхәоит. Ирҳәоит аҭауад ԥҳәыс данига иуацәа руаӡәк аҭаацәа агәырӷьа жәабжь рызнеигарц ҽыла амармалташь мардуан ала хыхь дхалеит ҳәа. Иҟалоит ус акәзаргьы, избанзар усҟантәи аамҭақәа рзы ари аҩыза ахҭыс џьаушьартә иҟамызт.

© Sputnik АБИГИ
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
АБИГИ

Асовет аамҭақәа рзы ахыбра аҩбатәи аихагылаҟны Нестор Лакоба икабинет ыҟан. Егьырҭ ауадақәа рҟны — ЦИК. Иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раан, аброуп аус ахьауаз ауаажәларра-политикатә еиҿкаара "Аидгылара". Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь абри ахыбраҿ аус ауан атәыла Ахада Иусбарҭа. Иахьазы – аԥсуа наука иагараны иҟоуп.

Марри Лакобеи рымҩақәа реихысырҭаҿы игылоу аҩбатәи ахыбраҿ аус ауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАНА
Ажәытәтәи аԥшӡара зцәымӡыц: аҵарауаа рвиллақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
АНА

Архитектура ссир змоу ари ахыбра иаразнакы иубоит изнапкымҭоу. Иван Бегич истиль умдырырц залшом. Араҟагьы ихы иаирхәоит бзиа иибоз ақьырмыт. "Бегич инапкымҭа аҽакы иалаҩашьом", ҳәа иҩуеит Баронин.

Бегич ари аҩны иргылоит 1904 шықәса рзы, абырзен ҭуџьар Иван Бостонджогло изы. 112 шықәса зхыҵуа ахыбра адәахьала анцәа иџьшьаны еиҭакра дук иақәымшәазар, аҩныҵҟа акыр иԥсахуп. Ажәытә иамаз аԥшӡара атәы зҳәо ҳәа инхаз адәахьтәи аԥшрада иаанхаз аҩныҵҟатәи аверандеи авазонқәеи роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0