Кәарҷиа: амшцәгьа ашьҭахь ақалақь аиҭашьақәгылара иаҿуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАҟәа ақалақь Ахада инапынцақәа назыгӡо Леон Кәарҷиа.
Аҟәа ақалақь Ахада инапынцақәа назыгӡо Леон Кәарҷиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба ахәаша, нанҳәа 5 рзы имҩаԥигеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьақәа раԥыхразы аилатәара.

АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба ахәаша, нанҳәа 5 рзы имҩаԥигеит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьақәа раԥыхразы аилатәара. Ақалақь аҟны еиҭашьақәыргылоуп афымцеиқәыршәара, аӡеиқәыршәара, атранспорт аныҟәара иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Леон Кәарҷиа.

"Акоммуналтә маҵзурақәа иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа мҩаԥыргоит. Уажәазы еиҭашьақәыргылоуп афымцеиқәыршәара, аӡеиқәыршәара, атранспорт аныҟәара. Реиҳа анапы зыдкылатәны иҟоу амҩақәа Аидгылара, Адыгаа рымҩа, Омар Беигәа имҩа роуп. Азеиԥшқалақьтә субботник рылаҳәан аха ауаа ҭымҵит. Ҳамчқәа рыла ҳахәаӡом", — иҳәеит Кәарҷиа.

Аилатәара иалахәыз Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо ажәадгала ирҭеит атәыла аиҳабыраҟны аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьақәа раԥыхразы аштаб аԥҵазарц.

Ахаша ауха Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа жәпакы рыҭрақәа ирҭыҵит, ирацәоуп аӡы зыҩналаз аҩнқәа. Аԥхасҭа рыҭоуп амҩақәа, афымцатә система, аӡеиқәыршәаратә система.

Ажәабжьқәа зегьы
0