Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аофицертә еилазаара ханарҭәааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәаахьчаратә Усбарҭа аофицертә еилазаара ханарҭәааит
Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аофицертә еилазаара ханарҭәааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аилазаара хадырҭәааит ааҩык аофицерцәа.

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аилазаара хадырҭәааит Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура иатәу аҳәаахьчаратә институтқәа ироушьҭымҭацәоу ааҩык аофицерцәа.

Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны аиԥылара иалахәыз ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵаны.

"Ҳара Аԥсны бзиала шәаабеит ҳәа гәыкала ишәаҳҳәоит. Шәаԥхьаҟа имариам аусқәа шьҭоуп. Шәара аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчараҿы раԥхьатәи ацәаҳәаҟны шәгылоуп. Шәусура иалҵшәаны аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руеит", — иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц аиԥылараан.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Дмитри Иудин иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аиԥыларақәа рымҩаԥысра традициак еиԥшхо иҟалеит.

"Сара агәахәара снаҭоит ҳара ҳусбарҭахь амаҵзура ахысразы шәахьаашьҭу. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиарақәа, шәнапы иану аусқәа лҵшәа бзиала рынагӡара", — иҳәеит Иудин.

Аофицерцәа иазгәарҭеит ишазыхиоу Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура ирыднаҵо аусқәа зегьы ламысцқьала рынагӡара. Аиԥылара ахыркәшамҭазы Аԥыза-министр Беслан Барцыци аофицерцәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0