Габелиа: акгьы ҳагӡам аидеологиатә хықәкыда

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАпоет қәыԥш Дмитри Габелиа.
Апоет қәыԥш Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ридеолгиа - аԥсуара иахьатәи аҭагылазаашьеи, уи аиқәырхаразы иҟаҵатәуи, абыргцәа рхеилак аусушьеи ртәы дрызхәыцуеит Sputnik аналитик Дмитри Габелиа.

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ауаажәларра аҩныҵҟа ирлас-ырласны иқәгыло иалагеит, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ааилгазар иахьа уажәраанӡа аҧсуа ҳәынҭқарра зықәныҟәо аполитикатә система. Иаахҵәаны иуҳәозар, урҭ ацәажәарақәа знызынла ирымаӡам аҳәаа, даҽазны рҵакы нагӡаны иаадырҧшӡом, насгьы апрактика акырӡа иацәыхароуп.

Уи зхароу ҳәа азҵаара анықәгыло, иаҳҳәар ҳалшоит, араҟа ишааҧшуа,  азинтә ҳәынҭқарреи Аҧсуареи аус аҿы ирзеилоу шмаҷу, ахеибарҭәаара шрылымшо, еи ҳараӡакгьы аҳәынҭқарра аидеологиа азҵаарақәа рҿы. 

Ажәакала, иахьатәи ҳполитикатә система – ари аҧсуа дунеихәаҧшра аус ахьамуа ҳәынҭқарроуп. 

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Раҧхьаӡа иргыланы, ари аҩыза аҭагылазаашьа аҧсуаа рыҩныҵҟа рзеиҧш хәыцшьа иақәымшәозар, рхәыцра еиҩнамшар амуазар, дара-дара алибакаара рыбжьанамҵозар ҟалап. Убри аҟнытә, иаамҭазар ҟалап аҧсуа милаҭ зегьы еицырзеиҧшу, рҟазшьеи рхәыцшьеи ирнаало аидеологиа аҧшаара.

Насгьы, зегь реиҳа ихымҧадатәу, аидеологиатә хықәкы ақәыргылара. Уи аҩыза ахықәкы змам амилаҭ рыҿиараҿы изныло амҩа рзымдыруа, иҟарҵо иақәымшәо, рхы ахьдырхара рыҵазҳәо акгьы рымаӡамкәа ажәҩан иаҵаҧшлоит. Аидеологиатә хықәкыдара амилаҭ ҭанархар алшоит. 

Аидеологиа ҳаналацәажәо, аҧсуа милаҭ азы ари – Аҧсуароуп. Ус ргәы иаанагоит уи ныҟәызго ауаажәларраҿы. Избанзар, Аҧсуара систематә хәыцшьак аҳасабала ишьақәгылоижьҭеи, қәрала иқәныҟәо амилаҭ ирықәлоуп. 

Ииашоуп, Аҧсуара иахьа системак аҳасабала апрактикаҿы аус ауртә аҭагылазаашьақәа аҧҵаӡам, уи иалацәажәо раасҭа иныҟәызго рхыҧхьаӡара акыр амаҷхара иаҿуп. Ари аҩыза атенденциа зыхҟьо ҳазааҭгылозар, иҳәатәуп, Аҧсуара аҧсуа ҳәынҭқарратә идеологиа аҳасабала аус аурц азы, аҳәынҭқарра аганахьала ихымҧадатәу ашьаҿақәа ҟаҵаӡам.

Урҭ ашьаҿақәа раҧхьаӡа игылоуп жәлар ридеологиатә хәыцра Аҧсуара шәҟәны иахьеиқәыршәам, уи аофициалтә нормативқәа ахьышьақәыргылам, закәанеизгак аҳасабала апроект ахьҩым. Даҽакала иуҳәозар, акодификациа ахьыҟаҵам.

Иарбан нормақәоу акодификациа ззутәу ҳәа азҵаара ықәгылозар, иазгәаҭатәуп, раҧхьаӡа иргыланы ишхымҧадатәу, ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ицхыраагӡоу аҧсуа ҵасқәа, ақьабзқәа, ахәыцрақәа, азнеишьақәа. Иаҳҳәап, ақьырсиантә динтә текстқәа акодификациа анырзыруаз, аканон иаларҵоз аҳәынҭқарра аргылараҿы имаҭәахәу ахәҭақәа ракәын.

Уи знапы алакыз жәаҩыла ауаа, еиуеиҧшым аҧсҭазааратә ҭагылазаашьақәа, ауаажәларратә темақәа ганрацәала ирызхәыцны иаадрыҧшуан. Ауаҩы ишҟа агәбылра инаркны, ажәларқәа рнибахра атемақәа рҟынӡа. Убриоуп, шамахамзар, иарбан политикатә системазаалакгьы изанаало арҭ ахәыцрақәа, ауаҩы, мамзаргьы ажәлар рыхдырра изаднакыло, ақьырсиантә хәыцрақәа ргәаҿы ҷыда аҭыҧ зааныркыло.  

Дарбан аҧсыуазаалакгьы, раҧхьаӡакәны ақьырсиантә динтә хәыцрақәа данырзааигәахо, иҧсадгьыл иҧсахуашәа ацәаныррақәа изцәырҵуа далагоит. Избанзар, зқьышықәсала иара Аҧсуара злашьақәгылоу адунеихәыцра ацәацәашьеиҧш далашәуан, далаӡҩауан, насгьы, иҭахы, иҭахым, гәынхәҵысҭала иара идеологиа иныҟәнаго асанкциақәагьы дҿарымҳәар ауӡом. Аха аҳәынҭқарра аргылара атәы ҳҳәозар, араҟа еилкааны иҳамазароуп ҳмилаҭ рзы иприоритеттәу. 

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

Иахьауажәраанӡа ҳазлааиуа ала, ҳажәлар рхәыцраҿы ихымҧадатәу аиҭакрақәа мҩаҧгамзар ҟалаӡом. Аха раҧхьаӡа иргыланы, атәылаҿы аидеологиа шьақәзыргыло ауаа акы иазааироуп: аҳәынҭқарра аргылараҿы ақьырсиантә дунеихәаҧшра акәу, мамзаргьы Аҧсуареи аҧсуа монотеизми ракәу ҳхы иаҳархәо.

Ари азҵаараҿы, узызҵаалак иара игәаанагара имоуп. Идыруеит хаҭала иара ииҭаху ихатәы шакәу. Аха аҳәынҭқарра аргылараҿы ихатәы ахархәашьа дақәымшәозар, атәым дацәшәозар, уи аамҭазы аҳәынҭқарра аргылара апроцесс ҧхьацара аиуӡом.

Иахьатәи ҳҳәынҭқарра аҿиашьа иацклаҧшуа ари аҩыза аҭагылазаашьа уадаҩ имбар залшаӡом. Хымҧада, избо рацәаҩуп, еилызкаауагьы убасҟаҩык ыҟазар ҟалап, аха ҳҳәынҭқарратә хәыцра ари азҵаара аӡбартә имышәӡацзар акәхап.

Убри аамҭазы, зегьы ирдыруеит – зегьы ирыцку Аҧсуара шакәу, убасҟак ибзианы ахы аанарҧшит амоноетникатә, апатриархалтә уаажәларраҿы, аҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы аҽеиҿкааны. Уи џьара-џьара ақьырсиантә динтә нормақәа ираҧызго акакәны иҟалеит.  

Избан акәзар, Аҧсуара ныҟәызгоз ауаа зхы агәра згоз, зхы иақәгәыҕуаз, зыҧсы зықәшаҳаҭыз ракәын. Аламала урҭ рҿаҧҽра аҧсҭазаара иалшомызт, егьа иҧнашәаргьы, акырынтә икыднаҟьаргьы. Аха иџьоушьаша, урҭ рхала ус ишьақәымгылаӡеит, Аҧсуароуп ус иҟазҵаз.  

Абас ала здоуҳатә шьақәгылазаашьа ҕәҕәахахьаз амилаҭ, ҳаамҭазы еиуеиҧшым ишәарҭоу атенденциақәа рызцәырҵуа иалагеит, рдоуҳа иахзмырҧоз аҵасқәеи ақьабзқәеи реилагарақәа аҭыҧ анроу.

Раҧхьаӡа иргыланы, амилаҭ рыҿиашьа уашәшәырахоит аиқәшаҳаҭра анрымам, изыхҟьазаалакгьы анахь-арахь ианахо урҭ раҧхьагылаҩцәа. Иазгәаҭатәуп Аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ааилгазар аахыс, ҳтәылаҿы хыҧхьаӡарала ирацәоуп ацҭәа, аимак-аиҿак зыбжьоу, аҕыҕеибакра злаҽны иҟоу. Урҭ еиҿагылоуп аӡәаӡәала, гәыҧ-гәыҧла, жәлала.

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Акыршықәса ҵуеит урҭ реиҿагылара аганахь игыланы иазыҧшуеижьҭеи аҳәынҭқарра амчрақәеи, еиуеиҧшым ауаажәларратә институтқәеи. Ацҭәа змоу реиҿагылара иахҟьаны иҟалаша аныҟалалак ауп аҳәынҭқарратә амчрақәа аусура ианалаго, ауаажәларратә институтқәагьы уи алацәажәатәыс ианышьҭырхуа.

Аӡәгьы аҭакҧхықәра ихахьы игаӡом иҟалаша ацәгьоура ҟалаанӡа аҧырҟәҟәаара. Аиҩызцәа, аигәылацәа, аишьцәа, аижәлантәқәа уҳәа, шаҟа конфликт рыбжьоу аҟара, урҭ рыбжьара мацара акәым, хыҧхьаӡарала ирацәам ҳажәлар рыҩныҵҟа аҭынчра ашьақәгылара ацәыуадаҩхоит.

Ииашоуп, агәнибархарақәа аҧсҭазаара иақәлоуп, егьырҭ амилаҭқәа рыҩныҵҟагьы аҭыҧ рымоуп, аха зыҧсадгьылаҿы уаҧсҵәык азна иҟоу ажәлар рзы ари проблема дууп, насгьы ауаажәларра аҩныҵҟа аҭыҧ змоу аҳәоуеиқәымшәара аӡбара аамҭа цацыҧхьаӡа еиҳа-еиҳа еицәахоит. Иарбан проблемазаалакгьы, иамоуп ахатәы ҟазшьа мыждак – уи шаҟа аамҭа иӡбам аҟара аӡбашьа уадаҩхоит.     

Ҟалашьа амаӡам, ауаажәларраҿтәи аҳәоуеиқәымшәара аҳәынҭқарра ашьақәгылара апроцесс ианымҧшуа. Сымҩашьозар, исықәшаҳаҭу рацәаҩуп, аха иџьоушьаша, ари апроблема ауаажәларраҿы, мамзаргьы аҳәынҭқарра аҩаӡараҿы макьана иалацәажәаӡам, проблемак аҳасабалагьы иқәыргылаӡам.

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп
  

Азеиҧш еилибамкаареи аҳәоуеиқәымшәареи аанкылахарц, ҳаамҭазтәи ауаажәларратә хәыцшьеи ажәытә ҵасқәеи русеицуразы иҟаҵатәу, ҳәарада, ирацәоуп. Иаҳҳәап: зхықәкы аҽеиҭанакыз Абыргцәа рхеилак, ахықәкы ҿыц азыҧшааны аиҭарҿиара. 

Раҧхьаӡа иргыланы, ари аиҿкаара ҧхьаҟатәи аусура ҩмаҧыслар еиҕьхон ачынтә кабинет аҿы акәымкәа, ажәлар рыгәҭаны, атәыла агәҭылса аҳҭнықалақь азааигәара ҵла ҧшӡа дук амҵаны. Аҵла азыҧшаараҿы, анаҩс уи жәлар рдоуҳатә ҿаҳәатәы аҭаны аҧшьараҿы ицхырааҩцәахар рылшоит аныхаҧааҩцәа. 

Абыргцәа рхеилак ҿыцахь иалхтәуп, иахьынӡауала зажәеи зуси цқьоу, зжәытәи зҿатәи еиҿыбааны ихәыцуа ахатәрақәа, реизара мҩаҧызгаша реилатәара аҽны далырхуа, (абжьааҧны ахантәаҩы дрымамкәа), зегьы бжьылагьы, аиҿкаара алахәылашьалагьы еиҟараны.

Урҭ Ахеилак ашҟа иалырхыр рылшоит аныхаҧааҩцәа, хыҧхьаӡарала асокралтә дырга быжьба иаҟараны, абыжьҩыкгьы амилаҭ рдоуҳатә ҧхьагылаҩцәа ракәны иҟаларц. Уи азы аныхаҧааҩцәа рымчала, Зылҧха ҳаура, – абжьныха рҿы ирқәтәуп, ажәлар ирымҭаны ирымоу амч хьаҳәаҧаҳәада ажәлари аҳәынҭқарреи хра злоу рызҵаарақәа рыӡбараҿы мацара рхы ишадырхәало, набыцра аламкәа рнапынҵа шынарыгӡало ала. 

Абыргцәа рхеилак ҿыц ауснагӡатәқәа иреиуахароуп: Аҧсуара аныҟәгаҩцәа рхыҧхьаӡара есааира азырҳара, урҭ рдунеихәаҧшышьа арҭбаара, рдоуҳатә гәалаҟазаара ашьҭыхра, анаҩс, рымчи рылшеи аҳәынҭқарра аргылараҿы ахархәара рыҭара. 

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институти, Аҧсны анаукақәа Ракадемиеи, Аҵарадырра аминистрреи, аҳәынҭқарратә университети русзуҩцәа рымчала еиқәыршәаны иҭыжьтәуп Аҧсуара аетикатә нормақәеи аҧҟаррақәеи аазырҧшуа ашәҟәы. Уи инаваргыланы, атәыла ашколқәа зегьы рҿы ихацырктәуп амаҭәар "Аҧсуара", рҵагашәҟәыла еиқәыршәаны. 

Абас ала, Аҧсуара иалшо иҟалароуп 21 ашәышықәсазы аҧсуа ҳәынҭқарреи ауаажәларреи рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа ахатәы интерпретациа азура, анаҩс аӡбара.          

Иаҳгәаласыршәар сҭахәуп ҳҳәынҭқарра ахадас Сергеи Багаҧшь даныҟаз Аҧсны абыргцәа Рхеилак аусушьа. Ари аиҿкааразы уи аамҭа бзианы иаазрыҧшуа аҿырҧштқәа иреиуоуп, иаҳҳәап, аҳәынҭқарра ахада абыргцәа Рхеилак ашҟа иҟаиҵоз имырзаз анашьҭымҭа.

алафи асатиреи зныҧшуаз ажурнал Сатирикон. - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Сатирикон" идырым адаҟьақәа

Анаҩс, уи анашьҭымҭа абыргцәа Рхеилак араионтә ҟәшақәа рышҟа амҩа иқәлон, араионқәа руааҧсыра рыҩныҵҟа аус аурц, ргәаанагара аанарҧшырц. Аҵыхәтәаны уи агәаанагара жәлары ишыртәу шьақәрыҕәҕәаны, атәыла ахада жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы ихы иаирхәон. 

Амилаҭ ргәаанагара жәларбжьаратәи азҵаарақәа рҿы раарҧшразы, ас еиҧш иҟоу апроцедура ҳҳәынҭқарра аҧсҭазаараҿы усҟан иқәгылоз еиуеиҧшым азҵаарақәа изныкымкәаны иаӡбахьан, алҵшәа бзиақәа аанарҧшхьан. 

Абыргцәа Рхеилак аусура хыхь ҳаззааҭгылаз аганала зда ҧсыхәа ыҟам маругазар ҟалап иахьа Аҧсны жәларбжьаратәи амшхәаҧштә анагӡараан, аха убри аамҭазы, иара абыргцәа реиҿкаара ахаҭа изалымҵуа аполитикатә кониунктура иаланагалар алшоит.

Убри аҟнытә, араҟа иаахҵәаны аҳәара уадаҩоуп зыӡбахә ҳамоу ахеилак аполитика ахы алагалара ахьынӡеихьӡароу, мамзаргьы иахьынӡашәарҭоу, зынӡа зда ҧсыхәа ыҟам аҳәынҭқарра азҵаарақәа рҿы акәымзар. Даҽа ганкахьала, аполитикатә цәқәырҧа аҽамҭакәа, аҧсуа ҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчараҿы, атәыла ахада иарҕьажәҩаны изыҟалозар, абыргцәа Рхеилак аусура даҽа хырхарҭа ҿыцк алнахыр алшоит, иамоу анапынҵақәа ирылагӡаны, урҭ ҧырхага рымҭаӡо. 

Уажәшьҭа ҳазҵаара хада ҳазыгьежьуа, иазгәаҭатәуп, иахьа аҧсуа милаҭ иаҳҭаху, ишаҳҭаху, иззаҳҭаху еилкааны, иреиҳау аҭоурыхтә хықәкы хада ҳҿаҧхьа иқәыргыланы, уи ахықәкы дарбан аҧсыуазаалакгьы ихшыҩи игәи рҟынӡа инаганы аус аҳаруаанӡа, иаҳҳәац ҳәо, иҟаҳҵац ҟаҵо, аҭоурых аамҭатә ӡеибафарақәа ҳгьежьуа ҳрылазаауеит. Хаҭала ари аҩыза аҭагылазаашьа сзақәшаҳаҭхом, шәақәшаҳаҭхом шәаргьы!..

Ажәабжьқәа зегьы
0