Аладатәи арратә округ аҟны арԥхаратә сезон ихьшәаны иалагоит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аҟны иаарласны ихыркәшахоит аказарма-нхарҭатә фонди акоммуналтә ргыларақәеи робиектқәа ҩеижәижәаба 2016-2017 шықәсазтәи арԥхаратә сезон аҽазырхиара.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аҟны иаарласны ихыркәшахоит аказарма-нхарҭатә фонди акоммуналтә ргыларақәеи робиектқәа ҩеижәижәаба 2016-2017 шықәсазтәи арԥхаратә сезон аҽазырхиара.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҟны арԥхаратә сезон ихьшәаны иалагоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Цәыббрамза инаркны аҟазауаа аусурақәа ирҿуп. Урҭ апрофилактикатә гәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Аҳауа ахьшәашәара иаалырҟьаны +9 ˚С реиҳа еиҵани аԥшасра 10-15 м/секҩ иҟалар, арратә напхгара адҵа ҟарҵоит заа арԥхагақәа адыркырц.

Иахьазы 95%. аобиектқәа аӡынра иазырхиоуп. Аокруг анхарҭатә фонди акоммуналтә маҵзурақәеи 100% арԥхара иазырхиахоит абҵара 15 рзынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0