Аԥснытәи аспортсменцәа Шәачатәи атурнир иалахәхоит

© AFP 2023 / Albert Gonzalez Farran Тхеквандо азы иаарту атурнир
Тхеквандо азы иаарту атурнир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 27 инаркны 30-нӡа, Шәача ақалақь аҟны.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Тхеквандо азы иаарту атурнир "Кубок Черноморского побережья" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 27-30 рзы, Шәача ақалақь аҟны. Атурнир иалахәхоит 38-ҩык Аԥснытәи аспортсменцәа ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит тхеквандо азы Аԥсны Афедерациа апрезидент Оҭар Гогәуа.

"Аԥсны есышықәса арҭ аицлабрақәа ирылахәуп. Изныкымкәа актәи аҭыԥқәа аанаҳкылахьеит, иҟан аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа анаанаҳкылозгьы", — иҳәеит иара.

Отара Гогәуа иажәақәа рыла аԥсуа спортсменцәа рхы-ргәы азҭоуп. Сынтәа атурнир иалахәхараны иҟоуп фышықәса инаркны изхыҵуа 500-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Ростов, Волгоград, Москва, Ҟрым, Ставрополь, Аԥсны, Узбекистан рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0