Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рҟазара аизырҳаразы акурсқәа мҩаԥысуеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаАмчыбжь аҩныҵҟа арҵаҩцәа рҟазара аизырҳаразы акурсқәа мҩаԥысуеит
Амчыбжь аҩныҵҟа арҵаҩцәа рҟазара аизырҳаразы акурсқәа мҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа рҟазара иацырҵоит амчыбжь аҩныҵҟа.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нхыҵ Кавказтәи афедералтә университет арҵаҩцәа амчыбжь аҩныҵҟа имҩаԥыргараны иҟоуп Аԥсны ашколқәа рҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рҟазара аизырҳаразы акурсқәа.

Нхыҵ Кавказтәи афедералтә университет аурыс бызшәа акультура акафедра аиҳабы Сергеи Гусаренко иҳәеит Аԥсны аурыс бызшәа арҵаҩцәа Урыстәылатәи арҵаҩцәа реиԥшҵәҟьа аурыс бызшәа ҳаракырала ирҳәоит ҳәа.

"Афедералтә программа "Русский язык" азырхоуп аурыс бызшәа аҳәаанырцә аиҳаракгьы ааигәатәи аҳәаанырцә аларҵәара. Акурсқәа ракәзар, еиуеиԥшым атестқәа мҩаԥаагоит, арҵаҩцәеи ҳареи ҳаиҿцәажәоит", — иҳәеит Гусаренко.

Акурсқәа рахь иааит ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи арҵаҩцәа ҳәа азгәалҭеит Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Медеиа Ченгьелиа.

"Асеиԥш амасшатаб змоу акурсқәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥаагоит. Нхыҵ Кавказтәи Афедералтә университети ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит. Апредметқәа зегь рганахьала аҟазара аизырҳаразы акурсқәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп", — лҳәеит лара.

"Асеиԥш иҟоу акурсқәа акыр ихәарҭоуп зегьы ҳзы", — лҳәеит Иашҭухатәи ашкол арҵаҩы Гаиане Атакиан.

Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа рҟазара иацырҵоит амчыбжь аҩныҵҟа

Ажәабжьқәа зегьы
0